Аԥсны аказакцәа ацхыраара ҟарҵоит Донецки Лугански Жәлар рреспубликақәа ахәыҷқәа рзы

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны аказакцәа ацхыраара ҟарҵоит Донецки Лугански Жәлар рреспубликақәа ахәыҷқәа рзы
Аԥсны аказакцәа ацхыраара ҟарҵоит Донецки Лугански Жәлар рреспубликақәа ахәыҷқәа рзы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аказакцәа Реидгыла Донецки Лугански Жәлар рреспубликақәа ахәыҷқәа рзы ацхыраара ҟарҵоит 2014 шықәса инаркны.

АҞӘА, абҵара 26 — Sputnik. Аԥсны аказакцәа Реидгыла Донецки Лугански Жәлар рреспубликақәа ахәыҷқәа рзы агуманитартә цхыраара ҟарҵоит, абри атәы ааицҳаит аказакцәа Реидгыла атаман Вадим Мироненко.

Мироненко иажәақәа рыла, ДЖәР ЛЖәР аибашьра иахҟьаны ҭаацәарада иаанхаз ахәыҷқәа рзы ацхыраара ҟарҵоит 2014 шықәса раахыс.

"Ашықәс иалагӡаны зныкымҩа-ҩынтәымкәа ДЖәР ЛЖәР ахәыҷқәа рзы ацхыраара ҳашьҭоит. Иара убас, Ҟрым инхо ахәыҷқәа рзы. Аԥсуа жәлар акциа иадгылоит, зегьы иргәалашәоит Аԥсны аџьынџьтәылатәи еибашьра аамҭазы ирырҭоз адгылара атәы", - иҳәеит Мироненко.

"Аԥсны аказакцәа рхеидкылеи аибашьра иалахәыз аказакцәа-аветеранцәеи" аԥҵан 2009 шықәса рзы. Аказакцәа иранашьан аџьарқәа "За верность Черноморскому казачеству", агәлаҵа дыргақәа "200 лет Георгиевскому кресту".

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0