Апарламент аҟны ҳтәылаҿы акриминогентә ҭагылазаашьа иалацәажәеит

© SputnikАпарламент аҟны ҳтәылаҿы акриминогентә ҭагылазаашьа иалацәажәеит
Апарламент аҟны ҳтәылаҿы акриминогентә ҭагылазаашьа иалацәажәеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ииасыз амчыбжь азы Аԥсны аҭыԥ змаз акриминогентә ҭагылазаашьа Аԥсны Апарламент аҿы иалацәажәон абҵара 27 рзы.

АҞӘА, абҵара 27 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа аилатәара мҩаԥыргеит Аҟәа ақалақь амшын аԥшаҳәаҿы аҭыԥ змаз ауаҩшьрақәа инарыдҳәаланы. Аилатәара иалахәын азинхьчаратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа ҳәа аалыцҳауеит Sputnik акорреспондент.

Абҵара 22 рзы Аҟәа, ақьафурҭа "Сан-Ремо" аҭааҩцәа Асҭамыр Шамбеи Алхас Аҩӡбеи иреихсны иршьит. Ахәра ӷәӷәа лоуит ақьафурҭаа усзуҩ Доминика Ақырҭааԥҳа, уи иахьа уажәраанӡа лҭагылазаашьа бааԥсны ахәышәтәырҭа дҭоуп.

"Аԥсны ахы-аҵыхәа ари ахҭыс иақәыӡбоит. Ҳзакәанқәа усс изкым ауаа ыҟоуп. Дара рхатәы закәанқәа роуп изықәныҟәо", - иҳәеит Апарламент аиҳабы Валери Кәарҷиа.

Президент Республики Абхазия Рауль Хаджимба провел заседание Совета Безопасности в связи с происшествием в Сухуме - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба Аҟәа иҟалаз ахҭыс инамаданы Ашәарҭадара Ахеилак аилатәара мҩаԥигеит

Иара иазгәеиҭеит иахьатәи азинхьчаратә система аусура шеиҵаҟьоу.

Апарламент адепутат Валери Агрба, азинхьчаратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа рахь ихы нарханы иҳәеит аҭыԥ змаз ахҭыс оперативла, иаарласны ишыҭҵаатәу. Апроцесс амырццакра егьырҭ ацәгьоурақәа рахьгьы икылнагар алшоит ҳәа.

"Ауаа иҟоу аҭагылазаашьа агәҭынчымра рызцәырнагоит. Амшын аԥшаҳәахьы ргәы ҭынчны изнеиуам. Азҵаара акыр иҵарны иқәгылоуп. Иҟаҵатәузеи ацәгьоура аарԥшразы?", - ҳәа аминистр Гарри Аршба иҿаԥхьа азҵаара ықәиргылеит Агрба.

Гарри Аршба адепутатцәа ирзеиҭеиҳәеит азинхьчаратә усбарҭақәа имҩаԥырго ауснагӡатәқәа ртәы.

"Аԥсны ААР аилазаара ршьапы иқәыргылан. Атәыла алаларҭа, алҵырҭа кын. Иахьазы иҟоуп лҵшәақәак, аха урҭ макьаназ рырзара иашам", - иҳәеит аминистр Гарри Аршба.

Гарри Аршба иара убасгьы дрылацәажәеит аҵыхәтәантәи амчыбжь азы аҭыԥ змаз ацәгьоурақәа.

"Ауаҩы иӷьычра аганахьала аоперативтә информациа ҳамоуп. Иахьазы ауснагӡатәқәа комплексла имҩаԥысуеит", - иҳәеит иара, иагьазгәеиҭеит ирӷьычыз иҭахцәа рҟынтәи аофициалтә зыҳәа шыҟам.

Апарламент аиҳабы Валери Кәарҷиа иҳәеит адепутатцәа "Еиҿкааралатәи ацәгьоуразы" азакәан апроект иазыхынҳәраны ишыҟоу.

Акриминогентә ҭагылазаашьа сааҭыбжак инарзынаԥшуа ианалацәажәа ашьҭахь, адепутатцәа ашәқәа аркны реицәажәара иацырҵеит.

2019 шықәса хәажәкырамзазы Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба Апарламент адепутатцәа ирыдигалеит еиҿкаарала ацәгьоуреи аӷьычреи ирҿагыланы ақәԥара иазырхоу азакәан апроект.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0