Барас Кәыџба Ахортә дирижиорцәа Жәларбжьаратәи реиндаҭлара далауреатхеит

© Foto / предоставлено: Барас КуджбаБарас Кәыџба
Барас Кәыџба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Михаиловски ихьӡ зху Ахортә дирижиорцәа II Жәларбжьаратәи реиндаҭлара иалахәын 37-ҩык амузыкантцәа Аԥсны, Урыстәыла, Белоруссиа, Ҟазахстан рҟынтәи. Имҩаԥысуан Тула, абҵара 29 - 30 рзы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 2 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсуа пианиноарҳәаҩы, адирижиор Барас Кәыџба Михаиловски ихьӡ зху ахортә дирижиорцәа II Жәларбжьаратәи реиндаҭлара далауреатхеит. Абри атәы Sputnik Аԥсны иазааицҳаит иара ихаҭа.

"Михаиловски ихьӡ зху Ахортә дирижиорцәа II Жәларбжьаратәи реиндаҭлара ҩ-етапкны ишан. Актәи аетап аан онлаин видео ушьҭыр ауан, афортопиано аҿы Родион Шьчедрин ирҿиамҭақәа рыхәмарра арбаны. Аҩбатәи аетап аҿы жәа-минуҭк ахор аус ацуур акәын", - ҳәа еиҭеиҳәоит Кәыҿба.

Барас Кәыџба – Пицундатәи амузыкатә школи Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭеи дроушьҭымҭоуп. П. И. Чаиковски ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә консерваториаҿ аҵара иҵоит. Барас Анкара диит. 2008 шықәса рзы иҭаацәа рҭоурых ԥсадгьыл ахь ихынҳәит.

Михаиловски ихьӡ зху Ахортә дирижиорцәа II Жәларбжьаратәи реиндаҭлара иалахәын 37-ҩык амузыкантцәа Аԥсны, Урыстәыла, Белоруссиа, Ҟазахстан рҟынтәи. Имҩаԥысуан Тула, абҵара 29 - 30 рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Барас Кəыџба: амузыка - ари сдунеи ауп, сара сзы уи занааҭ мацараӡам

Ажәабжьқәа зегьы
0