Апарламент аԥхьа еизаз аимпра ргәы иҭам

© Sputnik / Томас ТхайцукАпарламент аԥхьа еизаз аимпра ргәы иҭам
Апарламент аԥхьа еизаз аимпра ргәы иҭам - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа шьҭаҵаны Аԥсны дықәҵроуп рҳәеит иахьа, ԥхынҷкәын 2 рзы Ахақәиҭра ашҭаҿы еизаз, абҵара 22 рзы Аҟәа аиҿахысраан иҭахаз Алхас Аҩӡбеи Асҭамыр Шамбеи рыуацәеи рҭынхацәеи. Еизаз Аԥсны Апарламент ахыбрахь инеит 300-ҩык инареиҳаны ауаа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 2 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Иахьа, ашәахьа, ԥхынҷкәын 2 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Гарри Аршба имаҵураҟынтә ихы дшақәиҭитәуазы, аха еизаз аимпра ргәы иҭам ҳәа аҭыԥ аҟынтәи иаалыцҳауеит Sputnik акорреспондент.

Иҭахаз рыуацәа рыдҵаҟаҵара аҭак шаҭоу иақәшаҳаҭуп иҳәеит еизаз рхаҭарнак Сергеи Шамба.

"Макьана ҳаилыҵуам, избанзар атәыла ахада иахь анеира ҳгәы иҭоуп. Иаҳҭахуп еилаҳкаарц ԥхьаҟатәи ишьаҿақәа. Ҳара иаҳҭахуп иамху аминистр ихаҭыԥан аҭагылазаашьа аиҭакра зылшо ауаҩы деиҭарц", - иҳәеит иара.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа шьҭаҵаны Аԥсны дықәҵроуп рҳәеит иахьа, ԥхынҷкәын 2 рзы Ахақәиҭра ашҭаҿы еизаз, абҵара 22 рзы Аҟәа аиҿахысраан иҭахаз Алхас Аҩӡбеи Асҭамыр Шамбеи рыуацәеи рҭынхацәеи. Еизаз Аԥсны Апарламент ахыбрахь инеит.

Ԥхынҷкәын 2 рзы Ахада аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гарри Аршба имаҵураҟынтә ихы дшақәиҭитәуазы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0