Аҟәатәи акоманда карате киокусинкаи азы атурнир аҿы аиааира ргеит

CC0 / / Карате
Карате  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Очамчыра ақалақь аҿы имҩаԥысуан Леон иорден занашьоу Ахра Џьынџьал игәалашәара иазкыз карате киокусинкаи азы атурнир.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 3 – Sputnik. Киокусинкаи азы Аҟәа ақалақьтә федерациа актәи аҭыԥ ааннакылеит Очамчыра ақалақь аҿы имҩаԥысуаз Леон иорден занашьоу Ахра Џьынџьал игәалашәара иазкыз карате киокусинкаи азы атурнир аҿы. Абри атәы иҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз карате киокусинкаи азы Аԥсны Афедерациа ахада Витали Ҷыҭанаа.

Карате кекусинкаи азы Ареспубликатә турнир мҩаԥысуеит Очамчыра>>

Киокусинкаи азы Очамчыра ақалақьтә федерациа аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит, ахԥатәи – Киокусинкаи азы Агәыӡератәи афедерациа.

Аицлабрақәа ирылахәын 90 арԥарацәеи аҭыԥҳацәеи, 6-13 шықәса зхыҵуаз. Реиҳа икьаҿу ақәгыларазы аԥхьахә ианаршьеит Агәыӡератәи аспортсмен Виачеслав Ханџьиан. Иара илшеит 16 секунд рыҩнуҵҟала аиааира агара. Иреиӷьу атехниказы аԥхьахә иоуит Руслан Карапетиан.

Актәи, аҩбатәи аҭыԥқәа рзы иранаршьон ахраҿақәа, амедалқәа, аҳаҭыртә шәҟәқәа, ахԥатәи аҭыԥ азы – амедалқәеи аҳаҭыртә шәҟәқәеи.

Атурнир еиҿыркааит Очамчыра араион ахадара аҿари аспорти рыҟәша, Аԥсны Аҳәынҭқарра карате киокусинкаи азы Афедерациа. Аӡбаҩ хада - Аԥсны Аҳәынҭқарра карате киокусинкаи азы Афедерациа ахада Витали Ҷыҭанаа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0