РУСДРАМ аҿы имҩаԥысраны иҟоуп Сариа Лакоба лгәалашәара иазку ахәылԥаз

© Foto / музей Нестора ЛакобаСариа Лакоба
Сариа Лакоба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Сариа Лакоба лгәалашәара иазку ахәылԥаз - РУСДРАМи, Нестор Лакоба ихьӡ зху амузеии,  Аԥсны акультура аминистрреи еицымҩаԥырго проектуп.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 3 – Sputnik. Сариа Лакоба лгәалашәара иазку ахәылԥаз мҩаԥысуеит ԥхынҷкәын 5 рзы РУСДРАМ аҿы ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр адиректор хада Иракли Хынҭәба.

"Сариа Лакоба лгәалашәара иазку ахәылԥаз - РУСДРАМи, Нестор Лакоба ихьӡ зху амузеии, Аԥсны акультура аминистрреи еицымҩаԥырго проектуп. Ахәылԥаз амемориалтә хәылԥазы инахыҳәҳәоит, атеатртә қәгылара иазааигәоуп. Аҩналара хәыда-ԥсадоуп. Изҭаху зегь ааир ҟалоит", - иҳәеит Хынҭәба.

Ақәгылара иалахәхоит РУСДРАМ актиорцәа. Аматериалқәа рыдигалеит аҭоурыхдырыҩ Станислав Лакоба.

Нестор Лакоба  - Sputnik Аҧсны
Зыԥсҭазаара қәԥараз: Нестор Лакоба диижьҭеи 128 шықәса ҵит

"Сариа Лакобеи Нестор Лакобеи ртрагедиатә ҭоурых ауаа ирдыруазароуп", - ҳәа азгәеиҭеит Хынҭәба.

Станислав Лакоба аинтерес ду зҵоу аматериалқәа еизигеит, аиҳаракгьы Сариа Қарҭ дызҭагылаз ахҭысқәа рганахьала.

Сария Лакоба – Нестор Лакоба иԥҳәыс, 1937 шықәса рзы дырбаандаҩын. Абахҭаҿы акыр ддыргәаҟит, Нестор ажәлар драӷоуп ҳәа лдырҳәарц, аха лара уи дақәшаҳаҭымхеит. Дыргәаҟны лыԥсҭазаара далхын.

Сариа Лакоба анышә дахьамадоу еилкаам.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0