Асапиорцәа Аԥснытәи аполигонқәа ррыцқьара нападыркит

© Sputnik / Стрингер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРазминирование местности
Разминирование местности - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә база анџьныр-сапиортә ҟәша аррамаҵзурауаа аполигонқәа иԥжәо амаҭәашьарқәа рҟынтә ррыцқьара нап адыркит.

 АҞӘА, ԥхынҷкәын 3 – Sputnik. Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә база анџьныр-сапиортә ҟәша аррамаҵзурауаа аполигонқәа Ҵабали Нагвалоуи рҟны иԥжәо амаҭәашьарқәа рҟынтә ррыцқьара нап адыркит аҵаратә шықәс ҿыц аҽазыҟаҵара аҳәаақәа ирҭакны. Абри атәы ааицҳауеит арратә база апресс-маҵзура аиҳабы Вадим Астафиев.

"Иԥжәо амаҭәашьарқәа аррамаҵзурауаа ирыԥшаауеит ҳаамҭазтәи атехника ацхыраарала. Ахархәара рыҭоуп арԥжәагақәа инахараны изыԥшаауа, рырԥжәара алзыршо ашьақәгылақәа "Ауарба", аметаллԥшаагақәа "ИМПС", — иҳәеит иара.

Аррамаҵзурауаа, аԥснытәи аполигонқәа "Нагвалоу", "Гәдоуҭа", "Ҵабал" рҟны 12 гектар рҟынӡа аҭыԥқәа дрыцқьароуп.

Арԥжәагақәа асапиорцәа атротилтә зариад ала иԥыржәоит.

"Аусурақәа зегьы ишьақәыргылоу астандартқәа ирықәшәо имҩаԥыргоит, ашәарҭадара аԥҟарақәа ирықәныҟәоит", — иҳәеит Вадим Астафиев.

Зынӡа аполигонқәа разырхиара иалахәуп 500-ҩык аррамаҵзурауаа, 50 цыра арратә техника ҷыда, анџьныртә машьынақәа ИМР-2, лассы иныҟәо атраншеиатә машьынақәа БТМ-3, ашьҭыхга кранқәа, аекскаваторқәа, аидарашьҭыхгақәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0