Рауль Ҳаџьымба Аԥсны ААР реилазаара аминистр ҿыц дыдирдырит

© Sputnik / Томас ТхайцукРауль Ҳаџьымба Аԥсны ААР реилазаара аминистр ҿыц дыдирдырит
Рауль Ҳаџьымба Аԥсны ААР реилазаара аминистр ҿыц дыдирдырит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынҷкәын 4 рзы Аԥсны ахада аусԥҟа инапы аҵаиҩит Раули Смыр Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрс иҟаҵаразы. Абри аҭыԥ аҿы иара диԥсахит Гарри Аршба.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 5 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аилазаара дыдирдырит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ҿыц Раули Смыр.

Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит уаанӡатәи аминистр Гарри Аршба иамхра зыхҟьаз абҵара 22 рзы иҟалаз ацәгьоура ианаамҭаз аарԥшра аҿҳәара ахьахигаз шакәу.

"Хымш заҵәык ракәын ҿҳәарас иҭаз ҳәа ацәажәарақәа рылоуп. Сара схаҭа азинхьчаратә усбарҭақәа рҿы аус зуан. Ибзианы издыруеит хымш иаанаго ацәгьоура аарԥшраан. Уаанӡатәи аминистр аӡәы диеицәан ҳәа сҳәом, аха инапы ианырҵаз аус шшыз ҩ-напыкла иктәын. Ус ҟаҵамызт. Ауаажәларра алҵшәақәа ирзыԥшын. Абарҭ амзызқәа рылоуп иҟаҵоу алкаагьы зыҟаҵаз. Аӡәгьы имҳәааит ауаажәларра рнырроуп уи дзамхыз ҳәа", - иҳәеит Ҳаџьымба.

Иара иазгәеиҭеит аминистр ҿыц раԥхьа иргыланы иҿаԥхьа иқәыргылахо аус Асҭамыр Шамбеи, Алхас Аҩӡбеи, Доминика Ақырҭааԥҳаи рышьра ҟазҵаз рыԥшаара шакәу. Атәыла ахада азхьаԥшра аиҭеит ареспублика азинхьчаратә структурақәа рыбжьара аинырра шыҟам.

Раули Смыр диит Гәдоуҭа араион Ҟәланырхәа ақыҭан 1953 шықәса рзы. 20 шықәса инарзынаԥшуа Аԥсны азинхьчаратә усбарҭақәа рҿы аус иухьеит.

© Sputnik / Томас ТхайцукРауль Ҳаџьымба Аԥсны ААР реилазаара аминистр ҿыц дыдирдырит
Рауль Ҳаџьымба Аԥсны ААР реилазаара аминистр ҿыц дыдирдырит - Sputnik Аҧсны
Рауль Ҳаџьымба Аԥсны ААР реилазаара аминистр ҿыц дыдирдырит

2018 шықәса хәажәкырамзазы амилициа аполковник Раули Смыр "Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭаҿы акыршықәсатәи иусурази ипрофессионализм ҳаракази" ианашьан аорден "Ахьӡ-Аԥша" III аҩаӡара. Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы даԥсоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0