Амҩақәа рҿы абҵарамзатәи аҭагылазаашьа

CC0 / / Трасса
Трасса - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә рбагақәа рыла 2019 шықәса жьҭаарамзазы Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа 3646 ԥкаанҵа хадырҭәааит амҩатә ԥҟарақәа реилагаразы.

Абҵарамза арекорд шьақәнаргылеит арыжәтә ыжәны иныҟәо ирзылырҩааз ахараԥсақәа рзы.

Sputnik

3 646 ԥкаанҵа рҟынтәи 129 хараԥса ылҩаауп арыжәтә ыжәны амашьына аԥсҟы акразы.

Абҵарамзазы абри аганахьала Аҟәа аԥхьагылара агеит. 40-ҩык арыжәтә зыдкылаз ахараԥса рзылырҩааит. Аҩбатәи аҭыԥ жьҭаарамзазы изгаз Гагра аԥшьбатәи аҭыԥ ааннакылеит. Аҩбатәии ахԥатәии аҭыԥқәа ааныркылеит Гәдоуҭеи Очамчыреи. Асиа хдыркәшеит Гали Тҟәарчали. Арҭ араионқәа рҿы абҵарамзазы ахараԥса рыдҵан ааҩык арныҟәцаҩцәа.

Ақәратә категориа аганахьала еиҭакра ҟамлеит. Актәи аҭыԥ аҿы иҟоуп: 30 - 35 шықәса зхыҵуа, аҩбатәи – 50 шықәса зхыҵуа, ахԥатәи – 35-40 шықәса зхыҵуа. Зегь раасҭа иқәыԥшыз 18 шықәса ихыҵуан, реиҳа зхыҵуаз - 75 шықәса. 

Ижәны иаанкылаз 129-ҩык рҟынтәи анцәа иџьшьаны ԥҳәыс дрыламшәеит.

Анаркотикатә маҭәашьарқәа рыдкыланы амашьына арныҟәаразы ахараԥса аӡәгьы даҵанамкит. Жьҭаарамзазы урҭ рҩызцәа хҩык аанкылан.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0