Дәрыԥшьи Белоруссиеи рыбжьара: апоет Иури Лакербаи игәалашәаразы

© SputnikДәрыԥшьи Белоруссиеи рыбжьара: апоет Иури Лакербаи игәалашәаразы
Дәрыԥшьи Белоруссиеи рыбжьара: апоет Иури Лакербаи игәалашәаразы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апоет, акинодраматург, апублицист Иури Лакербаи диижьҭеи 85 шықәса ҵит. Уи игәалашәара иазкыз ахәылԥаз мҩаԥысит Аҟәатәи 12-тәи аурыс школ аҟны.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Апоет игәалашәара иазкыз ахәылԥаз мҩаԥысит Аҟәатәи 12-тәи аурыс школ аҟны. Ахәылԥаз ашкол анапхгареи аҵаҩцәеи рымч ала еиҿкаан. Уи рхы аладырхәит: Аҟәа ақалақь Аҵара аҟәша анапхгара, апоетцәа Гәында Сақаниаԥҳа, Дырмит Габалиа, аԥсуа радио аиҳабы Алина Ачԥҳа. Урҭ идырбан апоет, акинодраматург иԥсҭазаареи ирҿиареи зныԥшуаз архивтә нҵамҭақәа. Иара убасгьы зысценари ҟаиҵахьаз афильмқәа рцыԥҵәахақәагьы.

Ашкол аҵаҩцәа апоет иажәеинраалақәа ирыԥхьеит, еицырдыруа ашәҟәыҩҩцәа, акинорежиссиорцәа Иури Лакербаи ихырҳәаахьоу ажәақәа ирзааҭгылеит.

Апоет Гәында Сақаниаԥҳа ахәылԥаз аиҿкаашьа аҩаӡара ҳаракны илшьеит. Уи иазгәалҭеит Иури Лакербаи иӡбахә имаҷны ишазааҭгылоу, ирҿиара аӡыргара шагу, аха ас еиԥш иҟоу ахәылԥазқәа уи аус арҽеира ишацхраауа.

"Иури Лакербаи дреиуоуп Аԥсны ахьӡ аҳәаанырцә иҭызгоз, идзырҳауаз. Иара иқьиара, ҿымҭ-ԥсымшьатәи ирҿиаратә усура, иреиӷьыз иаԥсуа ҟазшьақәа рыла иреиӷьӡоу ҳарҿиаҩцәа рыгәҭаны дҳаргыларатә алшара ҳамоуп. Аспорт аҿы, акиноиндустриаҿы, апоезиаҿы иаанижьыз иҭынха хәы змаӡам материалуп", – лҳәеит Сақаниаԥҳа.

Иури Асҭамыр-иԥа Лакербаиа диит рашәарамза 24, 1934 шықәсазы Урыстәыла ақалақь Иваново. Ихәыҷреи иқәыԥшреи иаб иԥсадгьыл аҟны имҩаԥысит, аҵара иҵон Гәдоуҭатәи абжьаратә школ аҟны. Апоет анаҩстәи ирҿиамҭақәа рҟны лассы-лассы игәалаиршәоит иабду игәараҭа, иқыҭа гәакьа Дәрыԥшь.

Иури Лакербаи изҳауан арҵаҩцәа рҭаацәараҿы. Иаб, Асҭамыр Пес-иԥа Лакербаи – асовет еидгыла аамҭазы Аԥсни Қырҭтәылеи Зҽаԥсазтәыз рырҵаҩы, 30 шықәса еиԥмырҟьакәа Гагратәи абжьаратә школ напхгара аиҭон.

Иури иан, Ҭамара Александр-иԥҳа Базарова иара убасгьы Аԥснытәи ССР Зҽаԥсазтәыз арҵаҩын.

Иури Лакербаи дышмаҷӡаз арҿиара агьама шьҭикааит. Апоет зааӡатәи иаԥҵамҭақәа ирызхьаԥшуаз аҟазацәа ахә ҳаракны иршьон. Уи иалҵшәаны 1948 шықәсазы Иури Лакербаи Урыстәыла зегьы зымҽхазкуаз апоетцәа реицлабраҿы апремиа ианашьахеит.

Лакербаи раԥхьаӡакәны иажәеинраалақәа реизга "Эхо родных гор" 1962 шықәсазы акьыԥхь абеит. Уи ашьҭахь дук хара имгакәа даларҵеит Асовет Еидгыла Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла.

Иҿараамҭа инаркны Иури Лакербаи Белоруссиа дынхон. 1964 шықәсазы уи Москваҟа, СССР Аҳәынҭкино аҟны иҟаз асценаристцәеи арежиссиорцәеи ркурсқәа рахь дрышьҭит. Раԥҳьатәи иусумҭа "Сотвори бой" 1969 шықәсазы Белоруссиа иҭырхит.

1966 шықәсазы Аҟәа иҭыҵит Лакербаи иажәеинраалақәа реизга "Камни абхазского поля".

70-тәи ашықәсқәа ралагамҭазы Иури Лакербаи сценаристк иаҳасабала хыԥхьаӡара рацәала Белоруссиатәи афильмқәа рҭыхрақәа дрылагеит. Иусура хада инаваргыланы, иара апоезиагьы аҩра дшаҿыц даҿын. Аа-шықәса рыҩнуҵҟа ашәҟәҭыжьырҭа "Беларусь" аҟны апоет иеизгақәа хԥа акьыԥхь рбеит.

© SputnikВечер памяти Юрия Лакербай
Дәрыԥшьи Белоруссиеи рыбжьара: апоет Иури Лакербаи игәалашәаразы - Sputnik Аҧсны
Вечер памяти Юрия Лакербай

1974 шықәсазы Иури Лакербаи иҭаацәа иманы Дмитров ақалақь ахь нхареи усуреи диасит. Хышықәса рышьҭахь Лакербаи исценари ала иҭыхыз акиносахьа "Рыцарь из Княж-городка" Асовет Еидгылатәи акинофестиваль аҟны аԥхьахә анашьахеит. 

Иури Асҭамыр-иԥа иара аҳәаанырцәтәи иусура Урыстәылеи Белоруссиеи рҟны мацара иаанымхаӡеит. 1979 шықәсазы Аҳәынҭкино аӡбамҭала Иапониаҟа дышьҭын, асахьаркыратә фильм "Путь к медалям" асценари азииҩразы. Асахьа аекранқәа рҟны иарбахеит (1980 ш.), Москва Аолимпиатә хәмаррақәа рымҩаԥысра аламҭалазы. 

Иури Лакербаи ихатәы рҿиара адагьы, аԥсуа поетцәа рырҿиара илаԥш ахын. Аԥсшәахьтә аурысшәахь еиҭеигеит Анатоли Возба ироман "Кьахь Ҳаџьараҭ", апоет Таиф Аџьба иажәеинраалақәа реизга. Апоет авторс дрымоуп аԥсуа жәлар ахьыԥшымразы рықәԥара иазку апублицистикатә астатиақәа. 

2000 шықәсазы иҭыҵыз, Иури лакербаи иалкаау иажәеинраалақәа реизга аԥхьажәа азиҩит аурыс литература апатриарх Сергеи Михалков. Ари ашәҟәы апоет шықәсырацәалатәи  ирҿиара лҵшәас иаиуит. Анаҩс, уи иагәылалаз ажәеинраалақәа жәпакы асерб бызшәахьы еиҭеигеит асерб поет Зоран Костич. Хәышықәса рышьҭахь, ари аизгазы апоет ианашьахеит Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа.

Апоет аҵыхәтәантәи имшқәа рҟынӡа иааиԥмырҟьаӡакәа арҿиара инапы алакын.

Иури Асҭамыр-иԥа Лакербаи иԥсҭазаара далҵит 2005 шықәсазы, цәыббра 30 аҽны. Джуп Дәрыԥшь ақыҭан, иҭаацәаратә нышәынҭраҿы, иани иаби рзааигәара.

2018 шықәсазы иҭыҵит апоет аҵыхәтәантәи иеизга "Посади у ограды гранат". 

Ажәабжьқәа зегьы
0