АҞӘА, ԥхынҷкәын 9 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны ахада Иусбарҭа аиҳабы Беслан Барцыц Гал араион ахада инапынҵақәа назыгӡо аколлектив дыдирдырит ԥхынҷкәын 9 рзы ҳәа аалыцҳауеит Sputnik акорреспондент.
Барцыц иазгәеиҭеит аҵыхәтәантәи ахәышықәса рыҩнуҵҟа араион арбагақәа шеиӷьхаз.
"Имаӡаӡам хәышықәса раԥхьа Ҭемыр Хәыхәыт-иԥа Надараиа араион данахадыргылаз, асоциал-економикатә ҭагылазаашьа зынӡа ҽакала ишыҟаз. Ари ахәышықәса иҭагӡаны аиҭакра дуқәа ҟалеит. 2014 шықәса араион абиуџьет 119 миллион ыҟазҭгьы, 2019 шықәса рзы 200 миллион иеиҳахеит", - иҳәеит Барцыц.
Ҭемыр Надараиа Омар Бганба дидныҳәалеит, изеиӷьеишьеит ақәҿиарақәа.
Омар Адгәыр-иԥа Бганба диит нанҳәа 26, 1969 шықәса рзы Тҟәарчал. 1985 шықәса рзы Арасаӡыхьтәи абжьаратә школ далгеит.
1987 - 1988 шш. рзы Асовет ар рҟны аррамаҵзура дахысуан. 1989 - 1996 шш. рзы Москватәи автомобил-мҩатә институт аҿы аҵара иҵон.
2007 – 2016 шш. рзы акоммерциа инапы алакын, ИАЕ "Скорпион" адиректор хадас дыҟан. 2016 - 2019 шш. рзы Гәылрыԥшь ақыҭа ахадас аус иуан.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Аԥсны ахада Ҭемыр Надараиа имаҵураҟынтәи ихы дақәиҭитәит