Ашықәс ҿыц ауха ауаажәларратә транспорт еиԥҟьарада иныҟәоит

Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь ахадара атранспорт аҟәша аиҳабыра иазԥхьагәарҭоит Ашықәс ҿыц ауха ауаажәларратә транспорт иаашаанӡа иныҟәаларц.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 9 - Sputnik. Ашықәс ҿыц ауха ауаажәларратә транспорт еиԥҟьарада иныҟәоит ҳәа аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара асаит, Аҟәа ақалақь ахадара Атранспорт аҟәша аиҳабы Ҭемыр Абӷаџьаа иажәақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

Иазгәаҭоуп уажәазы автобусқәа аус шыруа асааҭ 21:00 рҟынӡа, 21:00 - 24:00 сааҭ рзы ессааҭ иҷаԥшьо автобус ныҟәоит. Автобусқәа ҿыцқәа рныҟәара аграфик уажәазы иалацәажәоит.

Атроллеибусқәа русура аамҭа 6:00 - 20:00 ирыбжьанакуеит. Урҭ анаҩстәи ахырхарҭала иныҟәоит: Аҳабла ҿыц - Алашарбага, Ажәытә ҳабла - Аџьармыкьа, Алашарбага - Ҭәҳәыбын.

Абӷаџьаа иҳәеит аӡынразы ауаажәларратә транспорт аныҟәара асааҭ 22:00 рҟынӡа ишнахахо, аԥхынразы – асааҭ 23:00 рҟынӡа. Иахьатәи аамҭазы ақалақьуаа рымаҵ руеит 35 автобус.

Ақалақьтә транспорт, атроллеибустәи автобустәи паркқәа русура аҳҭнықалақь абиуџьет иаҵанакуеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0