Аштатқәа роптимизациа шцо азы аҳасабырбақәа ҟаҵоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАштатқәа роптимизациа шцо азы аҳасабырбақәа ҟаҵоуп
Аштатқәа роптимизациа шцо азы аҳасабырбақәа ҟаҵоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥыза-министр Валери Бганба абҵара 7 рзы адҵа инапы аҵаиҩит 2019 шықәса абҵара 20 рҟынӡа аоптимизациа иаҵанакуа ачынуаа рсиа рхианы, анаҩс аоптимизациа иахьырԥшны аԥаразоужьра ашәагаа ҿыц шьақәыргылазарц.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 11 - Sputnik, Бадри Есиава. Ԥхынҷкәын 10 рзы Аԥсны Аминистрцәа реилазаараҟны имҩаԥысуаз аилатәараҿы министррақәаки усбарҭақәаки рхадацәа аҳасабырба ҟарҵеит аштаттә оптимизациа амҩаԥысшьазы.

Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба жьҭаара 28 рзы аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аминистрцәа Реилазаара ҿыц ашьақәыргыларазы. Иара адҵа ҟаиҵеит аҳәынҭқарратә напхгараҭаратә усбарҭақәа рзеиԥш штаттә хыԥхьаӡара 15 процент рыла аоптимизациа азухарц азы. Абри аус ҿҳәарас иамоуп 2020 шықәса ажьырныҳәа 1-нӡа.

Ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистр Даур Кәырмазиа иҳәеит аусбарҭа зда царҭа амам аусзуцәа рыштаттә акқәа 218 рҟны ишышьақәыртәоу. Аминистрра аусуразы ареспубликатә биуџьет аҟынтәи ашықәс аҩнуҵҟа иазоужьхоит 57 миллиони 163 нызқь мааҭ.

Валери Бганба - Sputnik Аҧсны
Бганба: аштаттә оптимизациа иахьымӡаз афинанстә санкциақәа рзухоит

Аԥсны Афинансқәа рминистрраҿы 2020 шықәса рзы аусура рылшоит 89-ҩык. Аминистрра аусуразы ареспубликатә биуџьет аҟынтәи ашықәс аҩнуҵҟа иазоужьхоит 44 миллиони 626 нызқь мааҭ. Афинансқәа рминистр Џьансыхә нанба иазгәеиҭеит арахь ишаҵанакуа атәыла араионқәа зегьы рҿы зыҟәшақәа ыҟоу аказначеитә усбарҭа.

"Атәыла ахада идҵала аоптимизациа 15% артәеит. Ҳәарада, ари имариоу усым, аха ҳҿаԥхьа иқәыргылаз адҵа ҵаҵӷәыдамызт, ииашан", - иҳәеит Нанба.

Аԥсны Акультура аминистрраҿы акәзар, зда царҭа амам акәны ишьоуп 48,5 штаттә ак. Аминистрра аусуразы ареспубликатә биуџьет аҟынтәи ашықәс аҩнуҵҟа иазоужьхоит 10 миллионки 586 нызқь мааҭи.

Аекологиеи аԥсабара ахьчареи рзы аилак аҟны зда царҭа амам акәны ишьоуп 48 штаттә ак. Аилак аусуразы ареспубликатә биуџьет аҟынтәи ашықәс аҩныҵҟа иазоужьхоит 9 миллионки 465 нызқь мааҭ. Аилазаара ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа иҳәеит аоптимизациа амҩаԥгара даара рыбӷа ишықәыӷәӷәаз. Уи аҭакс Валери Бганба иазгәеиҭеит аӡәгьы хатәҭаххарала дшымцо.

Кабинет министров республики Абхазия - Sputnik Аҧсны
Аԥсны аминистрцәа реилазаара аструктура аиҭакрақәа алагалахеит

Аенергетикеи, атранспорти, аимадареи рзы аҳәынҭнапхгараҭара аиҳабы Робсҭан Габлиа иазгәеиҭеит 2020 шықәса рзы аусбарҭаҿ 56 штаттә ак шазыԥхьагәаҭоу. Аусбарҭа аусуразы иаҭахханы иҟалоит 13 миллиони 829 нызқь мааҭ.

Аԥсны амиграциатә маҵзура иаиуеит 99 штаттә ак. Иазоужьхоит 36 миллиони 140 нызқь мааҭ.

Аҳәынҭқарратә мазара анапхгараҭареи ахатәтәреи рзы Аилак аштатқәа 27-ҩык рҟынтәи 23-ҩык рахь илбаагоуп. Аоптимизациа иаҿырԥшны аԥаразоужьра 18 миллиони 231 нызқь мааҭ иартәоит.

Иарбоу аусбарҭақәа рҟны иркьаҿуп иааидкыланы 73,5 штаттә ак. Аекономиа азуп 8 миллион мааҭ аԥара.

Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба жьҭаара 28 рзы аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аминистрцәа Реилазаара ҿыц ашьақәыргыларазы.

Иара адҵа ҟаиҵеит аҳәынҭқарратә напхгараҭаратә усбарҭақәа рзеиԥш штаттә хыԥхьаӡара 15 процент рыла аоптимизациа азухарц азы. Абри аус ҿҳәарас иамоуп 2020 шықәса ажьырныҳәа 1-нӡа. Анаҩс Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганба абҵара 12 рзы адҵа инапы аҵаиҩит "Аԥсны аҳәынҭқарратә усбарҭақәак рзеиԥш штаттә хыԥхьаӡара аоптимизациа азуразы".

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0