Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр раԥхьатәи анапынҵақәа ҟаиҵеит

© Foto / АпсныпрессРаули Смыр
Раули Смыр  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынҷкәын 5 рзы Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аколлектив дыдирдырит анапхгаҩ ҿыц – Раули Смыр.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 11 - Sputnik. Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Раули Смыр аминистрра аппарат хада анапхгара алархәны имҩаԥигеит аоперативтә еилацәажәара ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

Аилацәажәараан аштаб аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Денис Ҭаниа дрылацәажәеит Аԥсны ААР аҟәшақәа русура алҵшәақәа, иҭаҩуи иаарԥшуи ацәгьоурақәа рыстатистика 2019 шықәса ԥхынҷкәын 2-9 рзы.

Ацәгьоурақәа раарԥшра адинамика далацәажәо, аусбарҭа анапхгаҩы анапынҵақәа ҟаиҵеит аусура хра аманы амҩаԥгаразы ААР аоперативтә усзуҩцәа алархәны ареидтә уснагӡатәқәа мҩаԥгалазарц.

"Раули Смыр аусутә еилацәажәарақәа мҩаԥигоит еиуеиԥшым ашьаусқәа рганахьала аусҭҵаара-оперативтә усура шцо аилкаарази анагӡара аҿҳәарақәа рышьақәыргыларази", - ҳәа азгәаҭоуп апресс-маҵзура адырраҭараҿы.

Уи адагьы, аминистр иазгәеиҭеит амаҵзуратә дисциплина аилагара шыҟамло.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ҿыц Раули Смыр абри аҭыԥ ахь днаган, Гарри Аршба ихы данақәиҭыртә ашьҭахь.

2017 шықәса раахыс министрс аус зуаз Гарри Аршба имаҵура иамхра ахҟьеит абҵара 22 рзы, Аҟәа ақалақь аҿы аҭыԥ змаз ауаҩшьрақәа рышьҭахь.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0