Апрокуратура хадаҿы Гагра иҟалаз ауаҩшьра зыхҟьаз рҳәеит

© SputnikАпрокуратура хадаҿы Гагра иҟалаз ауаҩшьра зыхҟьаз рҳәеит
Апрокуратура хадаҿы Гагра иҟалаз ауаҩшьра зыхҟьаз рҳәеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра аҩаша, ԥхынҷкәын 10 ауха ахаҵа иашьа даниеихс ашьҭахь ихы деихсны аҽшьра иҽазишәеит. Иҟалаз ахҭыс азы Гагра араион Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭахь аҭел иасит асааҭ 24:00 рзы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 11 - Sputnik, Бадри Есиава. Гагра, ԥхынҷкәын 10 рзы аҭыԥ змаз ауаҩшьра аҭаацәараҿы иҟалаз аимак иахҟьеит рҳәеит Аԥсны Апрокуратура хада апресс-маҵзураҿы.

"Аишьцәа Арсалиаа ажәақәа еимаркит. Руаӡәы, 1996 шықәса рзы ииз, 1991 шықәса рзы ииз иашьа игәы иеиарханы, иара убас ишьапы деихсит атравматикатә тапанчала. Уи дшыԥсыз анеиликаа, иҽишьразы иаргьы иргәҵысҭа деихсит. Уажәы уи Ареспубликатә хәышәтырҭа дҭоуп. Иҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп", - рҳәеит апресс-маҵзураҿы.

Гагра араион апрокуратура ашьаус хацнаркит "гәҭакралатәи ауаҩшьреи" "амцабџьар изакәанымкәа аҵәахреи, аныҟәгареи, амҩангареи" рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0