Ҵахнакьиа: 2019 шықәса аԥхьатәи ахԥшьбарак рзы 1262 ахәыҷқәа иит

© Sputnik / Томас ТхайцукҬамаз Ҵахнакьиа
Ҭамаз Ҵахнакьиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа 2019 шықәсазтәи аминистрра аусура аихшьаалақәа аиҭеит Аԥсуа телерадиоеилахәыраҿы имҩаԥгаз апресс-конференциаҿы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 12 – Sputnik. Аԥсны Агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистрра адыррақәа рыла Аԥсны 2019 шықәса аԥхьатәи ахԥшьбарак рзы 1262-џьа ахәыҷқәа иит.

Ҭамаз Ҵахнакьиа - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра Урыстәыла амедусҳәарҭақәа рҿаԥхьа ауалқәа ашәеит

Абри атәы иҳәеит  Аԥсны Агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа 2019 шықәсазтәи аминистрра аусура аихшьаалақәа аҭо Аԥсуа телерадиоеилахәыраҿы имҩаԥгаз апресс-конференциаҿы.

Аиҿырԥшразы 2018 шықәса рзы Аԥсны ахшараиурҭақәа рҿы иит 1700-ҩык ахәыҷқәа.

"Аԥснынтәи урыстәылатәи ахшараиурҭақәа рҿы заҟаҩ ииз ртәы ҳазшәаҳәом", - ҳәа азгәеиҭеит Ҵахнакьиа.

Аԥснытәи анацәа хшараиура Урыстәыла аҵакырахь изцо амзызқәа еиқәиԥхьаӡеит аминистр.

"Урыстәыла атәылауаҩра змоу "ан лкапитал" ҳәа изышьҭоу аԥара роуеит, уи адагьы ан ахәыҷы дныҟәылгонаҵы лгәабзиаратә ҭагылазаашьа уашәшәыразар иҷыдоу ахәышәтәырҭақәа рҿы ахшара длоурц лыдыргалоит", - иҳәеит Ҵахнакьиа.

Аԥсны Агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистрра ҽаантәи апланқәа дрылацәажәо, аминистр иҳәеит ареспубликаҿы амедицинатә ԥгаԥса аиҿкаара ргәы ишҭоу. Иара иазгәеиҭеит ари азҵаара шыуадаҩугьы, аӡбара аҭаххар шалшо, ареспубликаҿы ишыҟоу ухы иаурхәаша амодельқәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0