Аиҳабырабжьаратә комиссиа 2020-2022 шықәсазтәи Аинвестпрограмма шьақәнарӷәӷәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукПленарное заседание
Пленарное заседание  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара асоциал-економикатә усеицуразы Аиҳабырабжьаратә комиссиа жәаатәи аилатәара мҩаԥысит ԥхынҷкәын 18 рзы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 19 - Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара асоциал-економикатә усеицуразы Аиҳабырабжьаратә комиссиа жәаатәи аилатәараҟны ишьақәнарӷәӷәеит 2020-2022 шықәсазтәи Аинвестпрограмма. Абри атәы ааицҳаит Sputnik Аԥсны акорреспондент.

Витали Мутко Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет даҭан - Sputnik Аҧсны
Витали Мутко Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет даҭан

Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганба иажәақәа рыла, 2020-2022 шықәсазтәи Аинвестпрограмма рзырхоуп аинфраструктуратә проектқәа. Урыстәыла абри азы иазоунажьраны иҟоуп 4,5 миллиард мааҭ.

"Арахь иаҵанакуеит амҩақәа, аенергетика. Иҟоуп асоциалтә проект – Аҟәатәи ахәыҷтәы хәышәтәырҭа", - иҳәеит Бганба.

Урыстәыла аиҳабыра рхаҭыԥуаҩ Витали Мутко иазгәеиҭеит иара раԥхьаӡа акәны Аԥсныҟа дшааз.

"Аԥсны ҭоурыхла ибеиоу, аԥсабаратә лшара дуқәа змоу, уаала ибеиоу регионуп. Сгәанала, ара алшара дуӡӡақәа ыҟоуп аҿиаразы", - иҳәеит иара.

Мутко игәаанагарала, Аԥсни Урыстәылеи Реиҳабырабжьаратә комиссиа аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны иалыршахоит аинвестициатә ҭагылазаашьа маншәала аиҿкаара.

Аиҳабырабжьаратә комиссиа алахәылацәа алацәажәеит Аԥсны аҵакыраҿы ацәгьоура иалахәуп ҳәа агәаанагара ззыҟоу, ахара зыдҵоу, ирбаандаҩу ахьҭаркуа аусбарҭа аргылара. Апроект азы апроекттә усурақәа мҩаԥгахоит Урыстәыла аиустициа аминистрра зықәшаҳаҭу Аԥсны аиҳабыра ишьақәнарӷәӷәо атехникатә дҵақәа инарықәыршәаны.

Урыстәылатәи абиуџьет аҟынтәи аинвестпрограммақәа рынагӡаразы Аԥсны Аҳәынҭқарра иаиухьеит 23 миллиард мааҭ. 2017-2019 шықәсқәа рызтәи аинвестпрограмма 170 обиект аҵанакит. Апрограмма анагӡара ашьҭахь ацәынха иартәеит 161,5 миллион мааҭ. Арҭ аԥарақәа нашьҭхоит асоциалтә зҵаарақәа рыӡбарахь.

Урыстәылатәи Афедерациа аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Витали Мутко зхадараҿы дыҟоу Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара асоциал-економикатә усеицуразы Аиҳабырабжьаратә комиссиа алахәылацәа Аԥсны иааны иҟоуп. Ахашаҽны, ԥхынҷкәын 18 рзы имҩаԥысит жәаатәи апленартә еилатәара.

Аиҳабырабжьаратә комиссиа аилатәарақәа мҩаԥысуеит инеиҭак-ааиҭакны: зны - Аԥсны, зны - Урыстәыла. Аԥхьатәи аилатәара мҩаԥган 2010 шықәса рзы, Москва.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0