Абоксиор Герман Арџьениа Москва аицлабрақәа рҟны аиааира игеит

© Foto / предоставлено: Элизбаром ДжологуаГерман Арджения
Герман Арджения - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Москватәи аобласт аҟны аԥхьахәгараз аиндаҭлара мҩаԥысит ԥхынҷкәын 17 – 21 рзы. Аицлабрақәа ирылахәын 150 спортсмен.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 22 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥснытәи абоксиор Герман Арџьениа аицлабрақәа рҟны аиааира игеит ақәыԥшцәа рыбжьара ҳәа Sputnik иазааицҳаит аспортсмен иазыҟаҵаҩ Елизбар Џьологәуа.

Москватәи аобласт аҟны аԥхьахәгараз аиндаҭлара мҩаԥысит ԥхынҷкәын 17 – 21 рзы. Аицлабрақәа ирылахәын 150 спортсмен.

"Герман хынтә дықәгылеит, рыхынтәгьы аиааира игеит. Урыстәыла Аԥхьагылараҿ Афедералтә округ хада Аԥхьагылараҿы дықәгылароуп", - иҳәеит азыҟаҵаҩ.

Џьологәуа иажәақәа рыла Арџьениа иара убасгьы ианаршьеит аԥхьахә – иреиӷьу атехниказы. Аԥхьахә аспортсмен ииҭеит абокс азы Китаи азыҟаҵаҩ хада, аолимпиатә чемпион Александр Лебзиак.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0