Гагратәи апикет, мамзаргьы адирижиор илахҭым аус шауз

© Foto / соцсети Ситуация в Гагре
Ситуация в Гагре - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Изеиԥшроузеи аԥсуа политикатә кҿаҩра, иарбан жәабжьу ҳаԥхьаҟа уа "идырмазеираны" иҟоу, абарҭқәа рзы лгәаанагара дазааҭгылоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Гагратәи апикет, мамзаргьы адирижиор илахҭым аус шауз

Ииасуа ашықәс гаграа пикетла ихдыркәшеит. Иацы, Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба "Аԥсны Аҳәынҭқарра административ-ҵакыратә акқәа рнапхгараҭаразы" азакәан ахәҭаҷ 24 инақәыршәаны Асҭамыр Шамил-иԥа Қьецба Гагра араион ахада инапынҵақәа неигӡалааит", - ҳәа Аусԥҟа инапы аҵеиҩит.

Астамур Кецба  - Sputnik Аҧсны
Асҭамыр Қьецба Гагра араион ахада инапынҵақәа неигӡалоит

Ари Аусԥҟа сааҭкгьы изымнеит. Апрезиденти, уи иделегациа иалази Гагра араион администрациа ахыбраҿы ирзыԥшын "апикетчикцәа".

Иахьа 200-ҩык еизаны ирҭаху дарҭо, ирҭахым дамырхуа излаҟалаз ала, администрациа аҩнуҵҟа апрезиденти, аԥыза-министри, апрезидент иадминистрациа ахадеи аныҩнала, Асҭамыр Қьецба уахь дыҩнарымҵеит. Уаанӡа, атәыла хадас иҟаз Сергеи Багаԥшь ихаан 2006-2011 шықәсқәа рзы Қьецба араҟа хадас дызлаҟаз ала, ахыбра аҩналара иара изы уамак иуадаҩмызт, даҽаџьарала дхалан, Ахадеи иаԥханагьалацәеи ахьыҩнатәаз ауада аҿы аҳәамҭа ҟаиҵеит "ари аҩыза аҭагылазаашьаҿы идыргалаз аус мап шацәикуа",- рҳәоит зыгәра зго ахыҵхырҭақәа.

"Уҳамбароуп" ҳәа иқәгылаз "апикетчикцәа" ҩышәҩык раҟара ыҟан, иара анаҩсан Қьецба иҟаиҵаз аҳәамҭақәа рыла "Гәдоуҭа иахаҭарнакыз аҿар гаграа ацхыраара рырҭон, уа ирылагылан".

Абри ашьҭахь Шамил Қьецба иԥа Асҭамыр ԥсыуак ишыҟеиҵараз еиԥш, иҿагылаз днарылагылан "сара сахьырҭахым аус суӡом" иҳәан, араион ахадара аанижьит. Апикетчикцәагьы ргәы ааҭынчхеит.

Абри ашьҭахь, амчратә структурақәа рымчала еиҿыркааз агәарабжьара дныбжьысны дахьынтәнеиз Аҟәаҟа дгьежьит Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба "сара сыпрезидентуп, Аконституциа инақәыршәаны араион ахада инапынҵақәа назыгӡо дасҭеит, анаҩс, уи илахьынҵа зыӡбо араионтә еизара адепутатцәа роуп мҳәаӡакәа".

Дцеит дышцара, дшашьцылахьо еиԥш, даҽа дҵак аҟаҵаразы. Ииашаҵәҟьаны, ахәылбыҽха, Аԥсны ахада исаит аҿы иаҳбеит Адҵа ҿыц, уи аҭакԥхықәра зду аус, "араион ахада ихаҭыԥуаҩ Владимир Џьениа инапы ианҵазарц азы".

Администрация города Гагра - Sputnik Аҧсны
Гагра араион ахада инапынҵақәа наигӡалоит Владимир Џьениа

Ауаажәларра акырынтә иалацәажәахьеит араионқәеи ақыҭақәеи рхадацәа бжьыҭарала иалхзарц азы, аха макьаназы уи аҩыза азакәан ыҟам, убри аҟынтә, уи инапаҵаҟа иҟоуп апрезидент. Абас шакәугьы, 200-ҩык рпикет ареферендум иаҩызаха иааҟалан, сааҭк аҩнуҵҟала, атәыла ахада иҭижьыз Аусԥҟа рхы инакәыршаны идыршәын, рус нагӡаны иааимпит, санкциа змам амитинг азы аӡәгьы лахь имоукәа. Иҟамлац акгьы ыҟамызт, аха асҵәҟьа атәыла ахада иеиҭаз митингла иаразнак дамырхуа ҳамбацызт. "Апикетчикцәа" иаахтны ирымҳәеит араион ахадас ирыдыргало ивырбо, ишаабац еиԥш азал аҿы еизаны зҵаарақәак ирҭо.

Хымԥада ари аҭагылазаашьа иҳаҵанаҳәоит, идырым адирижиор илахҭым ишахыжьу гагратәи апикет, мамзар ас ҟалашьас иамоузеи? Аха ари гәҩароуп, игәҩарам иахьа Аԥсны ахада иажәа акгьы шыԥхылнамдо ауп, иҟалаз ахҭысгьы зхьымӡӷу Асҭамыр Қьецба иакәӡам, атәыла ахада ихаҭа иоуп.

Ҳара иҳаҳауан "гаграа Қьецба дырҭахым" ҳәа, иара убас ирҳәон "уи араион ахадас даныҟаз ақалақь аԥсы ахалеит" ҳәа. Ус анакәха, апрезидент иадминистрациа иҭнаҵаар акәын ишақәнагаз аҭагылазаашьа, Аԥсны ашәарҭадаратә маҵзурагьы иамазар ахәҭан апикет иадҳәалаз аинформациа. Зегь раԥхьаӡа иргыланы анапхгара ҭыԥ ахь ауаҩы данынарышьҭуа, ҳазҭагыло аибарххарақәа гәаҭаны, имҩаԥгалатәуп аконсультациақәа, абас иҟоу аҭагылазаашьа мҩаԥымсларц азы.

Аицҵақәа рҭыԥ аԥсахра аицҵалыҵ ианыԥшуам - Sputnik Аҧсны
Аицҵақәа рҭыԥ аԥсахра аицҵалыҵ ианыԥшуам, ма митингла акадрқәа шаҳԥсахуа

Иахысҳәаарызеи гагратәи апикет? Актәи, закәанла ииашам ҩышәҩык рҳәахьа мацарала апрезидент иҟаиҵаз Аусԥҟа ахьышәҭҳәа аԥсахра. Ари иаанагоит амчра аԥсыҽра. Иҩбахаз, ԥсуаҵасгьы ииашам, ҳтәыла даӷамзар, ауаҩы аҳәынҭқарратә усбарҭа иҩнамыжьлара.

Гагратәи "апикетчикцәа" ирылшон аизара мҩаԥганы рпозициақәа аадырԥшыр, аха ҳара ҳатрадициақәа злашьақәҟьахьоу ала, иҟалап ари иҿыцу хырхырҭазар аԥсуа политикатә культураҿы.

Анаԥшҩы лаҳасабала сгәы азҩоит иацтәи амитингуаа рзы уажәшьҭа Гагра араион ахадас иҟало дарбану уамак ишхьаам, аус злоу, рдирижиор илахҭым ибзианы иҟьеит, аполитикатә аоркестргьы "еицҿакны амелодиа нанагӡеит".

Мчыбжьык ауп инхаз ашықәс ҿыц ҳҭаларц азы, макьанагьы иагьа жәабжь ҳаҳап, амшын еиԥш уажәы-уажә ицәқәырԥо аԥсуа политикатә кҿыҩраҿы ихәыҵҟьаша сеидроу. Ҽаанбзиала!

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0