Аԥснытәи аспортсмен самбо азы атурнир аҿы ахԥатәи аҭыԥ игеит

© Foto / Тимур БарцицАԥснытәи аспортсмен самбо азы атурнир аҿы ахԥатәи аҭыԥ игеит
Аԥснытәи аспортсмен самбо азы атурнир аҿы ахԥатәи аҭыԥ игеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Аладатәи Афедералтә округ аҟны самбо азы аҳәсеи ахацәеи рыбжьара алкааратә чемпионат мҩаԥысит Армавир, ԥхынҷкәын 20 - 23 рзы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 25 – Sputnik. Аҟәа ақалақь ахадара аспорти аҿари рызҵаарақәа рзы аилак самбо асекциа ааӡаҩ Инал Гаделиа 100 кьылак рҟынӡа зкапануа рыгәҭа дықәгыло ахԥатәи аҭыԥ игеит.

"Атурнир самбо азы Урыстәыла ачемпионати Ахраҿеи рахь алкааратә турнируп. Аладатәи Афедералтә округ абри аспортхк азы аспортсменцәа ӷәӷәақәа рыла ибеиоуп", - ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Инал Гаделиа.

Атурнир аҟны аԥснытәи аспортсмен хә-еиԥыларак мҩаԥигеит. Урҭ рҟынтәи ҩба қәҿиарала имҩаԥигеит. Афинал ахь анеираан иара дииааит Армавиртәи асамбист.

"Иара аспорт жәларбжьаратәи акласс азҟаза ҳәа дыԥхьаӡоуп. Аԥышәа ду имоуп. Ахԥатәи аҭыԥ згеит Адыгеиатәи аспортсмен сииааины", - иҳәоит Гаделиа.

Урыстәыла Аладатәи Афедералтә округ аҟны самбо азы аҳәсеи ахацәеи рыбжьара алкааратә чемпионат мҩаԥысит Армавир, ԥхынҷкәын 20 - 23 рзы.

Иара иалахәын 120-ҩык рҟынӡа аспортсменцәа ӷәӷәақәа: Аԥсны, Адыгеиа, Калмыкиа, Ҟрым, Краснодартәи атәылаҿацә, Ростовтәи, Волгоградтәи, Астрахантәи аобластқәеи Севастополь ақалақьи рҟынтә.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0