Иара ма лара: иарбан ҳамҭоу Ашықәс ҿыц азы ирхиатәу

CC0 / / Иара ма лара: иарбан ҳамҭоу Ашықәс ҿыц азы ирхиатәу
Иара ма лара: иарбан ҳамҭоу Ашықәс ҿыц азы ирхиатәу - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашықәс ҿыц ашәхымс ихгылоуп. Иазхәыцтәуп иузааигәоу ауаҩы дызлаургәырӷьаша. Иахьа иааухәаша шырацәоугьы, аҳамҭа бзиа алԥшаара зынӡа имариоу усӡам. Sputnik акорреспондент иазлырхиеит аныҳәаз Иара ма Лара еиҳа изеигәырӷьаша аҳамҭақәа реиқәыԥхьаӡа.

Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа, Sputnik

Иара изы аҳамҭа

Аҳамҭа аҭара имариоу акакәым. Ауаҩы игәы иахәо ҟауҵарц азы игәы иахәогьы удыруазароуп.

Ахаҵа иԥсҭазаара иабжаны ишьозар имашьына, уи иатәу аҳамҭа изыҟауҵар, дургәырӷьеит ауп иаанаго. Арахь иаҵанакыр ҟалоит амашьынақәа рзы ҷыдала иҭрыжьуа агәамеизгага, авидеоҭаҩырҭа, ма даҽакы иаламҩашьо еишьҭагыло аномер ҿыцқәа.

Ашықәс ҿыц ааира асимвол хада: аԥсаӡ арԥшӡаразы сынтәатәи атенденциақәа - Sputnik Аҧсны
Ашықәс ҿыц ааира асимвол хада: аԥсаӡ арԥшӡаразы сынтәатәи атенденциақәа

Анардқәа, ашахматқәа, ма аколлекциатә мацақәа бзиа избо рацәаҩуп. Урҭ реиԥш аҩны аҟазаара аҵкыс аԥсабараҿ аԥсшьара бзиа избо рзы аԥсыӡкра, ашәарыцара еиҳа изырмарио аҳамҭақәа ааухәар, рыгәгьы еиҳа иахәоит.

Аԥснытәи ахацәа рыбжьара имаҷҩым аекстрим бзиа избо. Ус анакәха урҭ рзы џьиппинг азы асертификат, ма авертолиот ала аԥырра, апарашиут ала аԥара уҳәа рсертификат ҳамҭа духоит. Ашьапылампыл бзиа избо рзеиԥш, аконцертқәа рҭааҩцәа рызгьы иҳамҭа шьахәуп абилеҭ.

Пату ззақәу изы иҳамҭа бзиоуп ажәлантә дамыӷ зну амаҭәар. Уи еиуеиԥшым аҟазшьақәа амазар ҟалоит.

Лара лзы аҳамҭа

Аҭыԥҳа аҳамҭа лзыԥшаара еиҳа имарианы иԥхьаӡоуп. Ашәҭ шьыҵәра, ма ахәыдхаҵа ԥшӡа ихнамхуа дмаҷуп. Ус шакәугьы, лгәы иҭаӡамкәа акы ҳамҭас ианлуҭо, игәазырҳагахоит.

Календарь - Sputnik Аҧсны
Ашықәс ҿыц ааиаанӡа изыхьӡатәу аусқәа

Уажә имоданы иҟоуп апарфиумериатә сертификатқәа. Лара лхала иалылхыр ҟалоит еиҳа лыгә иақәшәо аҳамҭа.

Бзиа еицырбоит hand-made аалыҵ – аҽаӡә иикым асумка, аԥараҭра, анапхаҵа, ахәыдхаҵа.

Дарбан ҭыԥҳау зегь деицгәарҭар зҭахым? Афотоҭыхра бзиа избо рзы иҳамҭа дууп афотосессиазы асертификат аҭара. Урҭ афотоқәа акраамҭа асоциалтә ҳақәа рҟны ауаа инеимда-ааимдо иахәаԥшлоит.

Аԥсҭазааратә мҩа акраамҭа шәеицанызар, ҳамҭа хкыс иҟоу зегь еимыжәдахьазар, шәазыхынҳә аклассика – аресторан аҟны ахәылԥаз аицымҩаԥгара аӡәгьы мап изахҳәаауам. Иара убасгьы мап узҳәом аԥсшьарамшқәа аҳәаанырцәтәи ақалақь ԥшӡаҿы аицхгарагьы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0