Аԥсаӡ акраамҭа уаргәырӷьаларц: Ашықәс ҿыц асимвол хада ишеиҷаҳалатәу

CC0 / / Елка
Елка - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашықәс ҿыц иашьананы иҟоу аԥсаӡ ԥшӡоуп. Аиҳараҩык бзиа ирбоит абнафҩы, аҵаафҩы зхышәшәо аԥсаӡ. Аха иара аамҭа рацәак азыхгаӡом, икаԥсо иалагоит. Sputnik Аԥсны ишәыднагалоит аԥсаӡ шышәыхьчаша азы абжьагажәақәа.

Сариа Кәарцхьиаԥҳа, Sputnik

Аԥсаӡ аныҳәа афҩы ахуп ҳәа иршьоит. Аха аԥшӡара икны иаго аԥсаӡ амшқәа акыр икьаҿуп, агәырбыӷьқәа акаԥсара иалагоит.

Ашықәс ҿыц ааира асимвол хада: аԥсаӡ арԥшӡаразы сынтәатәи атенденциақәа - Sputnik Аҧсны
Ашықәс ҿыц ааира асимвол хада: аԥсаӡ арԥшӡаразы сынтәатәи атенденциақәа

Усеиԥш ҟамларц азы иҟоуп маӡақәак.

Аԥсаӡ анааухәо иара аҭагылазаашьа ҷыдала иеилукаароуп:

  • агәыцә агәырбыӷқәа амазароуп;
  • амахәқәа еизааигәазароуп;
  • амахәқәа кат-като иҟамзароуп;
  • амахәқәа аӡазароуп, иԥымҵәозароуп.

Аԥсаӡ аргылара аламҭалаз ашьаҭаҿ 8-10 сантиметр рҟынӡа ацәа ахыхтәуп, аведра аӡы ҭаҭәаны, аспирин, аџьыкхыш, ашьақар ӡааԥсаланы иҟаҵатәуп. Аспирин абактериақәа рызҳар ауам, аџьыкахыши ашьақари агәыцә афатә азнаргоит.

Иара ма лара: иарбан ҳамҭоу Ашықәс ҿыц азы ирхиатәу - Sputnik Аҧсны
Иара ма лара: иарбан ҳамҭоу Ашықәс ҿыц азы ирхиатәу

Абри аҩыза аӡы аԥслымӡ аҭаны аԥсаӡ агәыцә 15-20 сантиметр рҟынӡа иларшьшьны иҵаргылатәуп.

Иҟоуп иара убасгьы егьырҭ абжьгарақәагьы:

  • Аӡы алимонӡы аҭаны, амел алаԥсаны аԥсаӡ ҭаургылар ҟалоит. Иҟалоит агәыцә аԥҟарсҭа аш-бааӡа акәыршаны иургылар, аамҭа-аамҭала иурцәааклар.
  • Аԥсаӡ аԥхарраҿ аргылара ҟалом.
  • Иара убасгьы амра ашәахәақәа ақәыԥхозар иаԥырхагахоит, иарҩоит. Амахәқәеи агәырбыӷьқәеи аамҭа-аамҭала аӡы рықәҭәалазар бзиоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0