Ҳкаратистцәа Донецкынтәи аиааирақәа рыман ихынҳәит

© Sputnik / Томас ТхайцукКарате
Карате  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Карате азы Донецктәи жәлар рреспубликаҿы иаарту атурнир иалахәын Аԥсны, ДЖәР, ЛЖәР рыспортсменцәа. Иара мҩаԥысит Донецк, ԥхынҷкәын 28 рзы.

 

АҞӘА, ԥхынҷкәын 30 - Sputnik. Аԥснытәи аспортсменцәа Донецк аԥхьахәтә ҭыԥқәа ааныркылеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит каратеномичи Афедерациа ахада Ҭемыр Ҵлаииа.

Катеи кумитеии рҟны актәи аҭыԥқәа ааникылеит - Геннади Ҵлаииа. Аспортсмен Смел Саӡба аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит – кумите акатегориаҿ, ахԥатәи – ҩ-қәԥара хкаҿы. Адам Қапба ахԥатәи аҭыԥ ааникылеит кумите акатегориаҿы, аҩбатәи – ҩ-қәԥара хкаҿы.

Иааидкыланы аԥснытәи аспортсменцәа хә-медалк роуит.

Карате азы Донецктәи Жәлар рреспубликаҿ иаарту атурнир иалахәын Аԥсны, ДЖәР, ЛЖәР рыспортсменцәа. Иара мҩаԥысит Донецк, ԥхынҷкәын 28 рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0