Иаҳхысыз амчыбжь ахҭысқәа Sputnik Аԥсны адыррақәа рҟны

© Sputnik / Евгений Епанчинцев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраИаҳхысыз амчыбжь ахҭысқәа Sputnik Аԥсны адыррақәа рҟны
Иаҳхысыз амчыбжь ахҭысқәа Sputnik Аԥсны адыррақәа рҟны - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынҷкәын 23-29 иалагӡаны иҟан игәахәагаз еиԥш, угәы казыжьша ахҭысқәагьы. Урҭ ртәы шәаԥхьар шәылшоит Sputnik аматериал аҿы.

Бадри Есиава, Sputnik

"Имцарку" Аԥсны

Аԥсны АҶА адыррақәа рыла, ԥхынҷкәын 21 раахыс ареспублика иахьаҵанакуа амца зкыз 60 ҭыԥ гәаҭан.

Гиндия Сатбей - Sputnik Аҧсны
Арадио
Гындиа Акаԥа ақыҭан абна амцакразы: аԥсабара ҳацымхраар, амца аиааира уадаҩхоит

Ԥхынҷкәын 26 рзы амцакратә ҭыԥқәа азгәаҭан Аҟәа, Гәылрыԥшь, Гагра, Очамчыра араионқәа рҟны.

Ақыҭа Акаԥа акәша-мыкәша абнараҿ амцарцәара иаҿын АҶА аусзуҩцәа. Аҟәеи Аҟәа араиони рҟны амцарцәара-еиқәырхаратә гәыԥ аиҳабы Ҭемыр Кәыҵниа иазгәеиҭеит хәымш шыҵуа амцарцәаҩцәа амца аиқәыртәара иаҿуижьҭеи аха ишзалмыршахаз.

Аҵыхәтәантәи ахәымш рыҩнуҵҟа 60 рҟынӡа мцакра ҭыԥ аарԥшуп ҳәа иҳәеит Аминистрцәа Реилазаара ԥхынҷкәын 26 рзы имҩаԥысыз аилатәараҟны Аԥсны АҶА аминистр ихаҭыԥуаҩ Тигран Делибалтиан.

Ақәа ада ԥсыхәа ыҟам: Аԥсны АҶА амцарцәара ишаҿыц иаҿуп - Sputnik Аҧсны
Ақәа ада ԥсыхәа ыҟам: Аԥсны АҶА амцарцәара ишаҿыц иаҿуп

"Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла 56 мцакра ирыцлеит аҽа ф-ҭыԥк. Амцакра ҿыцқәа азгәаҭоуп Тҟәарчал ашьхаратә хәҭа, Алада Ешыра, Лӡаа, Елыр, Кындыӷ рҟны. Иааидкыланы 1500 нызқь ԥшьыркца абылра иаҿуп", - иҳәеит Делибалтиан.

Аԥыза-министр Валери Бганба агәрагара ааирԥшит амцакра амзыз ауаҩытәыҩсатә фактор ауп ҳәа.

Амцакрақәа ирҿагыланы ақәԥара мҩаԥысуан амчыбжь зегьы аҩнуҵҟа. АҶА иазгәарҭеит аҭагылазаашьа акыр ишыуадаҩу. Уаанӡа, Аҟәа араион Акаԥа ақыҭан раԥхьатәи амцакратә ҭыԥқәа гәаҭан ԥхынҷкәын 21 рзы. Уа абылра иаҿын 10 гектарк рҟынӡа абнара.

ԥхынҷкәын 27 рзы илеиз ақәа иалнаршеит абылра ашьақәыртәара.

Ситуация в Гагре - Sputnik Аҧсны
Гагратәи апикет, мамзаргьы адирижиор илахҭым аус шауз

Гагратәи ахҭыс

Ԥхынҷкәын 23 рзы атәыла ахада Аусԥҟа инапы аҵаиҩхьан Асҭамыр Қьецба Гагра араион ахада инапынҵақәа неигӡаларц азы. Аха Гагра араион ахадара аҿаԥхьа еизаз ауаа ирҳәеит Асҭамыр Қьецба икандидатура ишақәшаҳаҭым.

Асҭамыр Қьецба Гагра араион ахада инапынҵақәа рынагӡара мап ацәикит, араион ауааԥсыра икандидатура иахьақәшаҳаҭымхаз иахҟьаны. Абри ахҭыс ашьҭахь Рауль ҳаџьымба аусԥҟа ҿыц инапы аҵаиҩит. Аусԥҟаҟны иҳәоуп: "Гагра араион ахада инапынҵақәа аамҭала рынагӡара инапы ианызааит Џьениа Владимир Шулиа-иԥа", - ҳәа.

Абиуџьет аганахьала аимак-аиҿак

Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент адепутатцәа аҩбатәи аԥхьарала иаднамкылеит 2020 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет.

Банкноты номиналом 2000 рублей. - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Жәлар реизара- Апарламент ареспубликатә биуџьет аднамкылеит

Абиуџьет апроект азы рыбжьы рҭиит 16-ҩык адепутатцәа, 11 – ҩык мап ацәыркит, ҩыџьа рыҽныркалеит.

Адепутатцәа рыхәҭак рықәгыларақәа раан иазгәарҭеит абиуџьет асоциалтә ҭахрақәа ирықәшәом ҳәа. Апроект иадгалан ариашарақәа, аха абжьыҭираан дара зегьы мап рыцәкын.

Ареспубликатә биуџьет ахашәалақәа идыртәоит 8 миллиардки 115 миллиони 485 нызқь мааҭ, аныхрақәа – 8 миллиардки 348 миллиони 485 нызқь мааҭ. Ареспубликатә биуџьет адефицит иартәоит - 233 миллион мааҭ.

Афон ҿыц абанкоматқәа рҟынтәи жә-миллионк инарзынаԥшуа аԥара ӷьычуп

Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ашьаус хацнаркит Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 155 ахәҭа 4 инақәыршәаны.

Мужчина у банкомата - Sputnik Аҧсны
Афон Ҿыц абанкоматқәа рҟынтәи жә-миллионк аԥара ӷьычуп

"Ашьаусҭҵаара адокументқәа инарықәыршәаны зхаҭара шьақәыргылам ахаҿқәа 2017 шықәса ԥхынгәы 1 инаркны 2019 шықәса ажьырныҳәа 1 аҟынӡа Афон ҿыц ақалақь абанкоматқәа ҩба рҟынтәи аԥара рӷьычуан. Ацәгьоуцәа румҭала Иаарту акционертә еилазаара аԥхасҭа ду аҭан", - аҳәоит Аԥсны ААР адырраҭараҿы.

Апрокуратура хадаҿы иазгәарҭеит иааидкыланы иӷьычу аԥарақәа 9 миллионки 678 нызқь мааҭ шыҟаз. Ашьаусҭҵаара ҵаҵӷәыс иаиуит Аԥсны ААР аекономикатә шәарҭадара агәаҭарақәа рматериалқәа.

"Ахәыҷтәы конфеҭқәа" рзы ажәабжь иашам

Аԥсны Апрокуратура хадаҿы имҩаԥысит инарҭбаау аилацәажәара "анаркотикатә конфеҭқәа" рыладырҵәоит ҳәа иҟаз аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа рзы. Аԥсны Апрокурор хада Адгәыр Агрба инапхгарала Аԥсны Апрокуратура хадаҿы имҩаԥысуаз аилацәажәара иалахәын апрокуратура, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра, Ашәарҭадаратә маҵзура, Агәабзиарахьчара аминистрра рхаҭарнакцәа.

Аԥсны ашколқәа рҟны анаркотикқәа рыладырҵәон ҳәа ирҳәо ҵаҵӷәыдоуп - Sputnik Аҧсны
Апрокуратура хада: Аԥсны ашколқәа рҟны анаркотикқәа рыладырҵәон ҳәа ирҳәо иашам

Аилацәажәараан ирзыӡырҩын араионқәа рпрокурорцәа рыҳасабырбақәа, иразҵаан ашколқәа рырҵаҩцәеи рдиректорцәеи, Аԥсны ААР зықәра намӡац аус рыдуларазы аҟәшақәа рхаҭарнакцәа. Дара зегьы еицҿакны ирҳәеит аус ахьыруа анаркотикқәа рыладырҵәоны иҟамлац ҳәа.

Ареспубликатә наркологиатә диспансери Агәабзиарахьчара аминистрреи мап ҳәа ахырҳәааит Аԥсны амедицинатә усҳәарҭақәа рҟны гәыԥҩык ақәыԥшцәа анаркотикатә шьцылараҟынтәи аҽыхәышәтәра мҩаԥыргоит ҳәа игәарарҵаз ажәабжь.

"Акыр шықәса рыҩнуҵҟа знызаҵәык иазгәаҭан зықәра намӡац аканнабиодқәа шидикылоз атәы", - ҳәа аҳәоит ажәахә аҿы.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа иазгәарҭеит иԥаршеиу ажәабжь гәаразҵаз ахаҿқәа рхаҭара ашьақәыргылара рыҽшазыршәо. Аусура ишадыԥхьалоу Ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәагьы.

"Князь Владимир" ахь абилеҭқәа раахәара хацыркуп

Аҟәатәи абаӷәазахь иааираны иҟоу акруизтә лаинер "Князь Владимир" ахь абилеҭқәа раахәара хацыркхеит ԥхынҷкәын 24 рзы.

380 билеҭ рҭихьеит Аҟәа абаӷәазахь идгылараны иҟоу акруизтә лаинер "Князь Владимир" ахь ԥхынҷкәын 24 асааҭ 15:00 рзы ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит "Черноморские круизы" апресс-маҵзураҿы.

"Ауаа аҭел иасуеит. Иазҵаауеит абилеҭқәа рыхәԥса, аҭыԥқәа заҟа аанхаз, аҿҳәарақәа. Асоциалтә ҳақәа рҿгьы азҵаарақәа рацәоуп. Иҳамоу аинформациа зегьы ҳофициалтә саит аҿы иарбоуп", - рҳәеит апресс-маҵзураҿы.

Князь Владимир ахь абилеҭқәа раахәара активла имҩаԥысуеит - Sputnik Аҧсны
"Князь Владимир" ахь абилеҭқәа раахәара активла имҩаԥысуеит

"Черноморские круизы" аҿы иазгәарҭеит алаинер "Князь Владимир" Шәачантәи раԥхьаӡа акәны Аҟәатәи абаӷәаза иҭалоит лаҵара 4 рзы ҳәа.

Аԥсни Урыстәылеи ркурортқәа рыбжьара акруизтә еимадара хацыркхараны иҟоуп 2020 шықәса рзы. Абри азы "Аԥсны амшынӷбаныҟәареи" "Амшынеиқәатә круизқәеи" "Урыстәылатәи аинвестициатә форум - 2019" аҿы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит. Афорум мҩаԥысуан Шәача.

"Князь Владимир" уажәы Шәача-Новороссииск-Иалта-Севастополь-Шәача амаршрут ала иныҟәоит. Уажәшьҭа Аҟәагьы абарҭ ақалақьқәа ирыцлоит. "Князь Владимир" 600-700 пассаџьыр рҟынӡа рымҩангаразы алшара амоуп.

Аԥсны асасааирҭақәа рыԥшәмацәа реидгыла ахада Асҭамыр Ахба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ахба алаинер "Князь Владимир" азы: асасдкыларатә индустриа аҿиара анаҭоит

Sputnik аинтервиу азҭаз Урыстәыла амшынтәи аӡиастәи транспорт азы Афедералтә маҵзура аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Захари Џьиоев иажәақәа рыла, ауаа еиҳа ирацәаҩхар, аӷбақәа рхыԥхьаӡарагьы иацҵахоит.

Аҵыхәтәантәи 26 шықәса Аҟәатәи амшынтә баӷәаза иаҭаауаз аидарамҩангага ӷбақәа ракәын.

Акруизтә лаинер "Князь Владимир" Аҟәатәи амшынтә баӷәаза иадгылеит 2019 шықәса ԥхынҷкәын 2 асааҭ 9:40 рзы. Ари ахҭыс 1993 шықәса раахижьҭеи ҳбаӷәаза иамбацызт.

Арахь иааит аҳҭнықалақь ауааԥсыра, асасцәа. Абаӷәазахь днеиит Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба. Иара дырԥылеит "Амшынеиқәатә круизқәеи" Урыстәыла амшынтәи аӡиастәи транспорт азы Афедералтә маҵзура анапхгара.

Аиԥылара мҩаԥысит аԥсуа кәашарақәеи аԥсуа ашәеи ацны. Асасцәа ирыдгалан аԥаҭхь ала аԥсуа ҩы-какаҷ. Ишьҭырхит аныҳәаҿа, ачашә агьама ддырбеит. Аԥсны ахада днарыԥхьеит "Князь Владимир" ахь.

Ажәабжьқәа зегьы
0