Путини Ҳаџьымбеи аныҳәа рыдеибаныҳәалеит

© Foto / Пресс-служба президента АбхазииРауль Хаджимба
Рауль Хаджимба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымбеи Урыстәыла ахада Владимир Путини иааиуа Ашықәс ҿыц рыдеибаныҳәалеит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 30 - Sputnik. Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымбеи Урыстәыла ахада Владимир Путини Ашықәс ҿыци Қьырсаныҳәеи рзы адныҳәаларатә шәҟәқәа еимырдеит.

"2019 шықәса аԥсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа рзы акыр имарымажоуп. Аҿиара амҩа иануп ҩ-ганктәи адипломатиатә, аполитикатә диалог", - ҳәа аҳәоит Аԥсны ахада исаит адырраҭараҟны.

Ҳаџьымба иазгәеиҭеит Путин илшарақәа Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхыраараҿы.

"Аныҳәақәа рыламҭалаз ишәзеиӷьасшьоит, ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа, агәабзиара зҩыда, ақәҿиара дуқәа, Урыстәыла ажәлар – аҭынчреи ашәҭыкакаҷреи", - ҳәа иҩуеит Аԥсны ахада.

Владимир Путин иакәзар, иазгәеиҭеит урыстәыла-аԥснытәи аизыҟазаашьақәа адинамикатә ҟазшьа рыманы ишыҿио, аиҩызареи астратегиатә партниорреи рыпринципқәа шьаҭас ишрымоу.

Урыстәыла ахада аԥснытәи иколлега изеиӷьеишьеит агәабзиара, анасыԥ, аҳәынҭқарратә ус аҿы ақәҿиарақәа. Аԥсны иқәынхо ажәлар ирзеиӷьеишьеит аҭынчреи аманшәалареи.

Ажәабжьқәа зегьы
0