Москватәи аԥсуа диаспора ичмазцәоу ахәыҷқәа аҳамҭақәа рырҭеит

© Foto / пресс-служба Московской Абхазской ДиаспорыМоскватәи аԥсуа диаспора ичмазцәоу ахәыҷқәа аҳамҭақәа рырҭеит
Москватәи аԥсуа диаспора ичмазцәоу ахәыҷқәа аҳамҭақәа рырҭеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Москватәи аԥсуа диаспора Аԥснынтәи инашьҭу амандаринақәа рыманы инеит аҳҭнықалақь ахосписқәа 12 рахь.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 30 – Sputnik, Бадри Есиава. Тоннак инеиҳаны амандаринақәа ичмазцәоу ахәыҷқәа ирзыршеит Москватәи аԥсуа диаспора. Абри атәы Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит Москватәи аԥсуа диаспора анагӡаратә директор Даур Барганџьиа.

"Асоциалтә ҳақәа рҟны иаабеит москватәи ахосписқәа рҟны зҽызхәышәтәуа ахәыҷқәа амандарина аныҳәа аламҭалазы ишырмоуз. Ари аинформациа алалырҵәеит ахосписқәа рыцхырааразы афонд "Вера" ашьаҭаркҩы Ниута Федермессер. Ҳдиаспора аиҳабы Беслан Агрба иҳәеит ҳара уи ариашара ҳшазыхиоу", - ҳәа азгәеиҭеит  Барганџьиа.

Иара иҳәеит амандаринақәа Аԥсны ишаахәаз. Амҽыша, ԥхынҷкәын 29 рзы адиаспора ахаҭарнакцәа 12 хоспис рҟны амедицинатә цхыраара зырҭо ахәыҷқәа аҳамҭа рызнаргеит.

Афонд "Вера" – ахосписқәеи урҭ рпациентцәеи ацхыраара рызҭо еиҿкаара заҵәык ауп Урыстәыла аҵакыраҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0