Здание репатриации - Sputnik Аҧсны
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

Саамира Ӷьазԥҳа: Аԥсны даҽазнык абара саргəаҟуеит

© Foto / Сырма АшәԥҳаСаамира Ӷьазԥҳа
Саамира Ӷьазԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқəтəыла инхо ҳџьынџьуаҩ Саамира Ӷьазԥҳа, хылҵшьҭрала Аҧснытəуп. Аԥҳәыс бырг длыҿцәажәеит ажурналист Сырма Ашәԥҳа.

Ҭырқəтəыла инхо ҳџьынџьуаҩ Саамира Ӷьазԥҳа, хылҵшьҭрала Аԥснытəуп. Амҳаџьырра аамҭазы, аҩеишьцəа Ӷьазбақəа ирыхшаз ҩыџьа арԥарцəа Ҭырқəтəылаҟа иагеит. Уа иахьнеиз имҩасуаз аибашьрақəа ирылахəхеит. Саамира лгəы иаланы илҳəоит лыжəлантəқəа, лашьцəа Аԥсны шьаҭанкыла иахьықəӡааз, иара Ҭырқəтəыла иаанхазгьы рхыԥхьаӡара ахьмаҷу.

Шьанур Аҭрышԥҳа - Sputnik Аҧсны
Шьанур Аҭрышԥҳа: араҟа узықəгылоу адгьыл цəажəоит, зегьы аԥсы рхоуп

"Аҩеишьцəа рыҷкəынцəа рахьтə сара саб жəашықəса ихыҵуаны даанхеит. Саб иашьа иԥагьы усҟан дқәыԥшын, арра дыргеит, уи иԥсы ҭахагəышьеит, даанхеит. Саб Иакəыԥ ихьӡын, саб иашьа Сеиҭ ихьӡын, сара издыруа урҭ роуп. Саб иабду иоуп Аԥснынтə Ҭырқəтəылаҟа иаанагаз, саб ара Ҭырқəтəыла диит, иара иан Кəаӡԥҳан. Сан Ҟарачааԥҳан, Ԥаҳариа лыхьӡын. Сан лан длыздыруамызт, лара дани лан дыԥсит", - аҭоурыхтə хҭысқəа ҳзеиҭалҳəон Саамира Ӷьазԥҳа.

Иҟоуп аамҭа иалаӡыз аҭоурых ашьҭақəа. Ҳажəлар шьамҭлаҳəра рзызуз амҳаџьырра ахыҧша акыр ихьааны абиҧарақəа реимадара ианыҧшуеит. Ҳзыҿцəажəало ҳџьынџьуаа гəыҵхас ирымоу акоуп, аҭоурых иахылҵуа аиашара адырра, жəлала, иашьарала, рабацəа рабдуцəа зҭагылаз, изықəшəаз ахҭысқəа реилкаара.

"Аҧснынтə Ҭырқəтəылаҟа иаанагаз сыжəлантəқəа, ара иахьааиз Кəарацəгьа зыхьӡырҵаз аҭыҧ аҿы анхара иалагеит, Ҳендеқь иаҵанакуеит. Сара сашьцəа ҩыџьа аҭаацəара иалалаанӡа рдунеи рыҧсахит, рразҟы убас еиҧш ицəгьахеит, аҩеиҳəшьцəа ҳаҟоуп. Саб иашьа иҧацəа ыҟоуп, аӡəы ҷкəынак димоуп, егьы ҩыџьа аҷкəынцəа имоуп, егьырҭ ҳəсақəоуп. Абарҭ Аҕьазбақəа роуп Ҭырқəтəыла инхақəогьы", - лыжəла аҭоурых дазааҭгыло дҳацəажəон Саамира Ӷьазԥҳа.

Саамира Ӷьазԥҳа, Аҭрышбақəа дырҭацоуп, Ҳендеқь ақалақь аҿы дынхоит. Ҧшьҩык ахшара дрануп, хҩы аҧацəеи, ҧҳаки лымоуп. Лҧацəа руаӡəк Муҳаррем Аҭрышба, иахьа ҳазгəыдууны иаҳҳəарц ҳалшоит Аҧсны дшынхо, ара аҭаацəара дшало, рыҧсадгьыл аҿы ишрызҳауа иҧҳацəа ҩыџьа Иалсеи Нареи. Анду акыр лмаҭацəа гəхьаалгоит, аха разҟны ҭелла лассы-лассы еицəажəалоит, лгəы лхадыршҭуеит.

Муҳаррем Аҭрышбеи  Асҭанда Џьапуаҧҳаи рҭаацəа - Sputnik Аҧсны
Иҧсҭазаара Аԥсны иадиҳəалеит: Муҳаррем Аҭрышбеи Асҭанда Џьапуаҧҳаи рҭаацәа

"Ҳҭаацəара рҿы еснагь Аҧсны аӡбахə ҳаман. Сыхшара акыр рыҧсадгьыл аҭоурых иазҿлымҳан, ирбар, ираҳар рҭахын. Рхəыҷаахыс уи гəҭакыс ирыман, рыбла ишамбацызгьы рыҧсадгьыл рыҧсы аҿҳəаран. Ишыжəдыруа еиҧш, Аҧсныи Ҭырқəтəылеи анкьа аиҭанаиааира маҷны ирыбжьан, аибабарагьы иахьеиҧш ус иҟамызт. Муҳаррем еснагь ус иҳəалон: "Сдухар, Аҧсныҟа сцоит, уахь сызлацаша схала исырҳауеит"-ҳəа. Еснагь Аҧсныҟа дызлаашаз амҩа акəын дызлацəажəоз. Муҳаррем алицеи далган ауниверситет ахь ацара игəы ишҭаз, Аҧсны аибашьра иалагеит. Иауз Аҭрышбеи иареи уахь инеит, сҧа дысзаанкылахуа дыҟазма, дымцар имуит", - ажəабжь ҳзеиҭалҳəон Саамира Ӷьазԥҳа.

Саамира Ӷьазԥҳа, излалҳəо ала, лҧа Аҧсныҟа данцоз 20 шықəсагьы ихымҵыцызт. Разҟны аибашьра дацəынхеит, иҧсадгьыл аҿы инасыҧ ицныҟəеит.

Аҧҳəыс ҟəыга, аҧҳəыс нага, зылаҧш ҳəаа ахара инаӡо Саамира Ӷьазԥҳа, жəытəаахыс лабацəа ирхыргаз аҭоурых дазхьаауазаргьы, лгəы ҭынчуп лҧацəа руаӡəк урҭ зныҵыз рџьынџь дгьыл дҵеи иашаны дахьазгылаз, ишырҳəо еиҧш, иҧсадгьыл аҿаҧхьа иуалҧшьа ахьынаигӡаз. Ан лҳак ашəара иҽазишəеит, иара убасҵəҟьа аҧсуа шьа иалҵыз иабацəа рыгəаҕьреи рфырхаҵареи аарҧшра илиршеит.

"Ан лҧа аибашьра даналагылоу лгəы ҭынчума, шаҟа ҵхи шаҟа мши смыцəазеи, сиҿыҧсааит. Аха, разҟны дысзеиқəхеит. Аҧсыуак уа игəы ихьыр, ҳара ара ҳахьыҟоу иаҳныруеит. Аҧсуаа Анцəа ду дырхылаҧшааит. Ҳара акыр зычҳаз жəларуп, аамҭа бзиа ҳанашьа ҳахьыҟазаалак. Ҳахшара Аҧсны иахаҳбаауам, ҳгəы ҭынчуп уа иахьшəылагылоу. Сҭаца сылзыразуп, дзааӡаз лҭаацəа срыкəыхшоуп, лхəыҷқəагьы ларгьы аҧсынҵры ҳазшаз ириҭааит",-лыгəҭыхақəа ҳацеиҩылшон аҧҳəыс бырг.

Кадир Тванба - Sputnik Аҧсны
Кадыр Тәанба: Аԥсныҟа нхара ҳаара ҳҭаацәа азыразуп

Саамира Ӷьазԥҳа, Аҧсныҟа даахьеит, лабацəа лабдуцəа зхыбаахаз лыдгьыл гəакьа лшьапы ықəлыргылахьеит. Лара излалҳəоу ала, Аҧсны лыҟазаара лыҧсҭазаараҿы аҭыҧ ҷыда аанызкыло аамҭаны иҟалеит.

"Аҧсны акыр игəхьаазгоит, даҽазнык сцаны избандаз ҳəа сгəаҟуеит. Ҳаҧсуара иҳаднаҵо акыр ирацəоуп, аныҟəгашьа инагӡаны ҳҽақəҳаршəароуп. Уеиҳабы дудырроуп, уеиҵбы дудырроуп, уҭынха-уҭынҵы пату рықəуҵароуп. Сызланагалаз Аҭрышаа реибаркыра ҕəҕəоуп, ҳаҭыреиқəҵарыла ҳаизыҟоуп, снапаҟынтə иааиуа зегьы ҟасҵоит. Ҧшьҩы аицалацəа ҳаҟан ҳара, мышкы бхахьы быџьымшь ыҟоуп ҳəа еибаҳамҳəеит, убас ҳшеиҿыҧсаауаз агəыбжьанытə лыҧсҭазаара далҵит", - ҳəа азгəалҭоит Саамира Ӷьазԥҳа,.

Аҧсуа ҭаацəара иалҵыз, аҧсуара аҳра ахьауаз, аҧсуа шьҭыбжьы иааӡаз, аҧсуа қыҭаҿы еизҳаз Саамира Ӷьазԥҳа гəҭакыс илымоу лыҧсадгьыл ҩаҧхьа абара Анцəа дахыимбааит!

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0