Иӷәӷәоу аимадара: саԥхьаҩцәа ражәалагалақәа рзы еснагь саартуп

© Sputnik / Томас ТхайцукЛеиаа рныҳәара
Леиаа рныҳәара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥхьаҟагьы лаԥхьаҩцәеи лареи реимадара иаҳагьы иӷәӷәахап ҳәа агәыӷра лымоуп Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаԥҳа.

Абар ҳнахьаҳәны ҳаахьаҳәаанӡа шықәсыкгьы нҭыкәкәа ицеит. "Амҩанызаҩ" аҟны ари ашықәс хҭысла ибеиан. Еиуеиԥшым амзартә ныҳәарақәа инрываргыланы ианаҳҵеит хыԥхьаӡара рацәала ажәлантә ныҳәарақәагьы. Хымԥада жәлацыԥхьаӡа рныҳәарақәа рымҩаԥгашьа ирымоуп дара рхатәы ҭоурых. Дара зегьы иуникалтәу, даҽакы иаламҩашьо ахатә ҷыда ҟазшьақәа рымоуп. Убас еиԥш иҟаз иреиуан Ашәаа рныҳәара – Адуахә ҳәа зыхьӡу, Џьапуаа рныҳәара – Џьаҳашьқьар, Габниаа рныҳәара. Иара убас реиҳа идуқәоу ҳәа иԥхьаӡоу Амԥараа рныҳәареи Леиаа рныҳәареи. Исҳәар мыцхом, сара сзы инасыԥхеит ас еиԥш иҟаз аныҳәарақәа ралахәхара, сыблала рбара.

Леиаа рныҳәара: быжьҩык аҳәса цқьақәеи аныхаԥааҩи цҳаражҳәаҩцәас измоу - Sputnik Аҧсны
Леиаа рныҳәара: быжьҩык аҳәса цқьақәеи аныхаԥааҩи цҳаражәҳәаҩцәас измоу

Иалыскаар сҭахуп быжьҩык ачакәаҳацәеи аныхаԥааҩи зхагылоу Мгәыӡырхәа ақыҭа имҩаԥырго Леиаа рныҳәара. Ачакәаҳацәа хазы аишәа рзырхианы, пату рықәҵаны рныҟәгашьеи, урҭ рныҳәареи, инеимда-ааимырдо ражәабжьқәеи уажәыгь игәырҟәандаӡа сыла ихгылоуп. Аныхаԥааҩ иакәзар, ахацәа раԥхьа дгыланы ахамӷәыи ақәаби рыманы аҭацаагара ашәа ҳәо аныҳәарҭа аҭыԥ ахь ианцо – аԥсабара зегь зыршанхо анашанатә гәалаҟара ацуп. Узеигәырӷьо акоуп абасала, ажәытә ҵасқәеи ақьабзқәеи еиқәырханы иахьаарго.

Амзартә ныҳәарақәа рҟынтәи, иара убас, иалкааны аӡбахә ҳәатәуп ҳара ҳазҭааз Жәабран ныҳәа мҩаԥызго Кәтол инхо Гәаланӡиаа рҭаацәара. Итрадициатәу ари аԥсуа ҭаацәара жәытәнатәаахыс реиҳабацәа ишыддырбаз еиԥш аԥсуа ныҳәарақәа мҩаԥыргоит. Иазгәаҭатәуп, аиҵбацәагьы урҭ атрадициақәа еихаҳауа ишаарго.

Санҵамҭақәа рҟны иалкааны сырзааҭгылон аԥсуа қыҭа аԥсҭазаареи ицәырҵуа ауадаҩрақәеи ртәы. Убас зықьҩык инареиҳаны (1069) аԥхьаҩцәа аиуит "Дацәшәоит рҳәеит аҟьатҟьат": иахьатәи аҭацацәа ақыҭа зырҭахым – амифи ареали" ҳәа хыс изауз анҵамҭа. Иара убас, иазааҭгылан ахатәы бызшәа ала ацәажәара апроблемагьы.

Аԥсуа гәараҭа - Sputnik Аҧсны
"Дацәшәоит рҳәеит аҟьатҟьат": иахьатәи аҭацацәа ақыҭа зырҭахым - амифи ареали

Иҳәатәуп, гәахәарас ишсымоу уажәы-уажәы саԥхьаҩцәа исзаарышьҭуа азҵаарақәа, иара убас азеиӷьашьарақәеи рабжьгарақәеи. Иҟоуп дара рхаҭа исыдыргалоз, зыӡбахә раҳар, ирбар ирҭахыз атемақәа. Убас, феисбук адаҟьаҿы ҭыԥҳак исзылҩит аԥҳәызба хаҵа данцалак аӡатә шылзынарышьҭуа атәы еилылкаарц шылҭаху. Уи иалҵшәахеит "Анана-шацәа-чаԥацәа рӡатә: аԥҳәызба аҭаацәара ҿыц даналалак илзынарышьҭуа" иазкыз аматериал. Акыр азҿлымҳара роуит ахәыҷы ииреи изҳареи ирыдҳәалоу ақьабзқәа.

Рҽхәаԥхьыӡны иҟалозаргьы, исымҳәар ауам, ҳџьынџьуаагьы аԥсуа ҵасқәеи ақьабзқәеи ишрызҿлымҳау. Убас ҳџьынџьуаҩ Маҳинур Папԥҳа реиҳа азҿлымҳара змоу анҵамҭақәа аҭырқәшәахь еиҭаганы ҳџьынџьуаагьы ирбаратәы хазы асаитк аҟны ранҵара далагеит.

Аԥхьаҟагьы саԥхьаҩцәеи сареи ҳаимадара иаҳагьы иӷәӷәахап ҳәа агәыӷра сымоуп. Сара сҽазысшәалоит шәара шәҭахрақәа рықәшәара, шәажәалагалақәа рзы еснагь саартуп. Ҽаанбзиала!

Ажәабжьқәа зегьы
0