Ахада Иусбарҭа иажәлаз аҩныҵҟа иҩналеит

© SputnikШтурм администрации президента
Штурм администрации президента - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажьырныҳәа 9 рзы Аԥсны ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа еизаз аоппозициаа рыдгылаҩцәа адҵа ҟарҵоит Алхратә комиссиа Хада алкаақәа азакәаншьаҭа рымам ҳәа азхарҵарц.

АҞӘА, ажьырныҳәа 9 - Sputnik. Ахада Иусбарҭа иажәлаз аҩныҵҟа иҩналеит ҳәа аҭыԥ аҟынтәи иааицҳауеит Sputnik акорреспондент.

Ахыбра иажәлеит асааҭ 13:00 рзы. Ахыбра ашәқәеи аԥенџьырқәеи ԥҽуп.

Иахьа, ажьырныҳәа 9 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿ аилатәара хацнаркит ахашшааратә инстанциа Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ аганахь ала.

Штурм администрации президента - Sputnik Аҧсны
Аоппозициаа рхаҭарнакцәа атәыла ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа еизеит

Аилатәара далахәуп – Алхас Кәыҵниа.

Азашшҩы иинтересқәа лыхьчоит адукат Инга Габилаиаԥҳа, аҭакҟаҵаҩ иинтересқәа рыхьчоит азиндырыҩ Гиви Габниа, адукат Марина Ҭаниаԥҳа, адукат Кристина Габелиаԥҳа, азиндырыҩ Дмитри Шамба.

Ахашшааратә комиссиа иалахәуп аӡбаҩцәа: Темур Ҭарба, Роман Кәарҷиа, Лиа Адлеиаԥҳба.

Аӡбарҭа ахыбра рыхьчоит СОБРаа.

Цәыббра 8 рзы Аԥсны имҩаԥысит атәыла ахада иалхразы аҩбатәи атур. Аԥсны алхратә комиссиа хада аихшьаалақәа рыла иҳаҩсыз алхрақәа раан Рауль Ҳаџьымба 47,39% алхыҩцәа рыбжьы ирҭеит, аоппозициатә партиа "Амцахара" аԥхьагыла Алхас Кәыҵниа - 46,17%.

Цәыббра 11 рзы Кәыҵниа Алхратә комиссиа хада дазашшит. Цәыббра 20 рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ ахәаԥшра мап ацәнакит.

Жьҭаара 7 рзы Кәыҵниа Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбра дахашшаауа ахашшааратә шшыԥхьыӡ ҟаиҵеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0