Асасцәа ирабжьаргоит: Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аҳәамҭа ҟанаҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАсасцәа ирабжьаргоит: Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аҳәамҭа ҟанаҵеит
Асасцәа ирабжьаргоит: Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аҳәамҭа ҟанаҵеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь аҟны акциа мҩаԥызго Жәлар реизара адепутатцәа рахь ааԥхьара ҟарҵеит изаамҭанытәим аилатәара мҩаԥыргарц.

АҞӘА, ажьырныҳәа 9 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аҳәамҭа ҟанаҵеит Аҟәа иҟоу аҭагылазаашьа ишашьклаԥшуа.

"Аҳҭнықалақь аҿы, ақалақь агәы аалхны, иҭынчроуп. Аҟәа иҟоу урыстәылаа ирабжьаагоит аҿагыларатә акциақәа ахьымҩаԥысуа аҭыԥқәа рыҽрыцәхьаркларц", - аҳәоит аҳәамҭаҟны.

Ажьырныҳәа 9 асааҭ 13:00 рзы аҿагыларатә акциа хацыркын Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа. Еизаз азыԥшын Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә инстанциа аилатәара иҟанаҵараны иҟаз алкаақәа.

Аилатәара хыртын асааҭ 12:00 рзы.

Асааҭ 13:15 рзы зықьҩык инарзынаԥшуа акциа алахәылацәа ахада Иусбарҭа ахыбра аҿаԥхьаҟа ииасит.

Аоппозициаа дҵаны иҟарҵоит Рауль Ҳаџьымба иалхра еиҭахәаԥштәуп ҳәа.

Штурм администрации президента - Sputnik Аҧсны
Амитинг алахәылацәа адҵа ҟарҵоит ахада инапынҵақәа шьҭеиҵарц

Асааҭ 13:30 рзы акциа алахәылацәа ахыбра иажәланы ашәқәа ҿырхит, аԥенџьырқәа рсаркьақәа ԥырыҽҽит, ахыбра аҩныҵҟагьы аҩналара иалагеит.

Асааҭ 14:30 рзы ахыбра иҩналеит. Убри аан урҭ аҳәара рырҭон амазара иаламкьысырц, аԥхасҭа ҟарымҵарц.

Асааҭ 15:00 рзы амитинг алахәылацәа ахыбра рнапахьы иааргеит. Абри ашьҭахь амитинг алахәылацәеи азинхьчаратә органқәа русзуҩцәеи реиҿагылара еиқәтәеит.

Аԥсны Жәлар реизара адепутатцәа Апарламент аҿы еизеит иҟоу аҭагылазаашьа алацәажәаразы.

2019 шықәса цәыббра 8 рзы Аԥсны имҩаԥысит атәыла ахада иалхразы аҩбатәи атур. Аԥсны алхратә комиссиа хада аихшьаалақәа рыла иҳаҩсыз алхрақәа раан Рауль Ҳаџьымба 47,39% алхыҩцәа рыбжьы ирҭеит, аоппозициатә партиа "Амцахара" аԥхьагыла Алхас Кәыҵниа - 46,17%.

Цәыббра 11 рзы Кәыҵниа Алхратә комиссиа хада дазашшит. Цәыббра 20 рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ ахәаԥшра мап ацәнакит.

Жьҭаара 7 рзы Кәыҵниа Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбра дахашшаауа ахашшааратә шшыԥхьыӡ ҟаиҵеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0