Кьылба амч ахархәаразы: усеиԥш агәҭакы ыҟам, аха иҟалар алшоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАшәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Муҳаммад Кьылба
Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Муҳаммад Кьылба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажьырныҳәа 9 рзы атәыла ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа аоппозициаа рмитинг мҩаԥысит. Амитинг алахәылацәа атәыла ахада инапынҵақәа шьҭеиҵарц адҵа ҟарҵеит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 10 - Sputnik. Бадри Есиава. Аԥсны ахада Иусбарҭа аанкыланы измоу амч ахархәарала уахьынтәи рдәылгара гәҭакны иҟам, аха ус шакәугьы аҭагылазаашьа абри амҩала идәықәлар алшоит, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Муҳаммад Кьылба.

"Ҳара ҳзы аҵак ду аманы иҟоуп ауснагӡатә ҷыдақәа раан ахыбра аҩныҵҟа иҟоу ауаа кьыс рмоурц. Ҳара ишаадыруала уа 250-300-ҩык рҟынӡа ауаа ыҟоуп. Азинмчратә органқәа дҵаны ирымоу адәахьынтә уахь аӡәгьы инамышьҭроуп аидыслара ҟамларц", - иҳәеит иара.

Иара иҳәеит Ашәарҭадаратә хеилак аҿы ишырдыруа ахада Иусбарҭа акабинетқәа рышәқәа шыԥҽу, абџьар зыҩноу ауадагьы шаарту. Аиҿцәажәара мҩаԥысуеит абџьар архынҳәразы. Хә-цырак абџьар дырхынҳәхьеит.

Амч ахархәара аганахь ала Кьылба иҳәеит акциа алахәылацәа рхымҩаԥгашьеи аиҿцәажәарақәа рцашьеи ишырхьырԥшу иҟало аҭагылазаашьа.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр далацәажәоит амилициа русура арежим ҷыда - Sputnik Аҧсны
Смыр: амчреи аоппозициеи рыдгылаҩцәа реиҿанагалара алмыршароуп

"Ахада ар ркомандаҟаҵаҩ иоуп. Иара иоуп аӡбра хадагьы здызкыло. Ажәылара ҳагәҭакызҭгьы ашамҭаз имҩаԥаагар ҟалон, аха усеиԥш гәҭакы ыҟам", - иҳәеит Кьылба.

Уажәазы ихадароу ахыбра нкыланы итәоу ауаа уахьынтәи рдәылгароуп.

Аоппозициаа рыдгылаҩцәа, иаҳхысыз атәыла ахада иалхра алҵшәақәа иашам ҳәа иԥхьаӡаны Аҟәа еизеит ажьырныҳәа 9 рзы. Акциа хацыркын Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа. Аамҭақәак рышьҭахь еизаз атәыла ахада Иусбарҭа ахыбрахь инеиит.

Иара убри аамҭазы, ажьырныҳәа 9 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿ аилатәара хацнаркит ахашшааратә инстанциа Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ аганахь ала.

Аилатәара далахәын – Алхас Кәыҵниа.

Азашшҩы иинтересқәа лыхьчоит адукат Инга Габилаиаԥҳа, аҭакҟаҵаҩ иинтересқәа рыхьчоит азиндырыҩ Гиви Габниа, адукат Марина Ҭаниаԥҳа, адукат Кристина Габелиаԥҳа, азиндырыҩ Дмитри Шамба.

Ахашшааратә комиссиа иалахәын аӡбаҩцәа: Темур Ҭарба, Роман Кәарҷиа, Лиа Адлеиаԥҳа.

Убри аамҭазы, асааҭ 13:00 рзы аҿагыларатә акциа хацыркын Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа. Дара азыԥшын Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә инстанциа аилатәара иҟанаҵараны иҟаз алкаақәа.

Подведение итогов президентских выборов в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба ипресс-маҵзура Апарламент ақәҵаразы: атәылаҿы аҭагылазаашьа еицәанатәуеит

Аилатәара хыртын асааҭ 12:00 рзы.

Асааҭ 13:15 рзы зықьҩык инарзынаԥшуа акциа алахәылацәа ахада Иусбарҭа ахыбра аҿаԥхьаҟа ииасит.

Аоппозициаа дҵаны иҟарҵоит Рауль Ҳаџьымба иалхра еиҭахәаԥштәуп ҳәа.

Асааҭ 13:30 рзы акциа алахәылацәа ахыбра иажәланы ашәқәа ҿырхит, аԥенџьырқәа рсаркьақәа ԥырыҽҽит, ахыбра аҩныҵҟагьы аҩналара иалагеит.

Асааҭ 14:30 рзы ахыбра иҩналеит. Убри аан урҭ аҳәара рырҭон амазара иаламкьысырц, аԥхасҭа ҟарымҵарц.

Асааҭ 15:00 рзы амитинг алахәылацәа ахыбра рнапахьы иааргеит. Абри ашьҭахь амитинг алахәылацәеи азинхьчаратә органқәа русзуҩцәеи реиҿагылара еиқәтәеит.

Алхас Кәыҵниа аҭагылазаашьа ахҳәаа аҭо иҳәеит аус аҭышәныртәалара адепутаттә корпус адыԥхьалатәуп ҳәа.

"Аҭагылазаашьа ҳампыҵҟьар ҳҳәынҭқарра ҳцәыӡыр алшоит. Уи ҟалашьа амам. Адепутатцәа ргәаанагра рҳәароуп" ҳәа иҳәеит иара.

Аԥсны Жәлар реизара адепутатцәа Апарламент аҿы еизеит иҟоу аҭагылазаашьа алацәажәаразы.

Рауль Ҳаџьымба иааинырсланы Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара мҩаԥигеит.

Абри ашьҭахь Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит иаҭахханы иҟалозар аатәылаҿ аҭагылазаашьа ҷыда алагалахоит ҳәа.

Штурм администрации президента - Sputnik Аҧсны
Ахада Иусбарҭа ажәлареи, Ҳаџьымба ԥхьатәара дцарц адҵақәеи: амитинг алкаақәа

Атәыла ахада ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟаиҵеит аҭынчра аадырԥшырц.

"Аконституциа агарантк иҳасаб ала аҭагылазаашьа азинтә шьаҭа иацәхьамҵырц азы иахәҭаны иҟоу анапынҵақәа зегь ҟасҵахьеит. Имариам абри аҭагылазаашьа аан ҳара ахынкылара ааҳарԥшыроуп, ҳҳәынҭқарра аҵшәаара алаҳмыршароуп", - иҳәеит иара.

Асааҭ 19:00 рзы аоппозициатә мчрақәа рблок аԥхьагыла Аслан Бжьаниа Аҟәаҟа дааит. Иара ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа еизаз рахь днеиит.

Амитинг алахәылацәа уи напеинҟьарала иԥылеит.

Ажьырныҳәа 9 ауха Аԥсны Апарламент адепутцәа ақәҵара апроект рыдыркылеит. Апроект инақәыршәаны атәыла ахада иахь ааԥхьара ҟарҵеит инапынҵақәашьҭеиҵарц азы.

Абри азы рыбжьы рҭиит 19-ҩык адепутатцәа, ԥшьҩык аҿагылеит, аӡәы иҽацәхьеикит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0