Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ иахәаԥшраны иҟоуп ажьырныҳәа 10 рзы

© Foto / Сария Кварацхелия Здание Верховного суда после окончания заседания, 19 сентября 2019
Здание Верховного суда после окончания заседания, 19 сентября 2019 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахашшааратә инстанциа аӡбаҩцәа реилазаара ҿыц еиҿкаан ахәаша, адукат Инга Габелаиаԥҳа лзыҳәала аӡбаҩ Роман Кәарҷиа даналгаха ашьҭахь.

АҞӘА, ажьырныҳәа 10 - Sputnik. Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә инстанциа аилатәара мҩаԥысраны иҟоуп ажьырныҳәа 10 асааҭ 15:00 рзы аӡбаҩцәа Лиа Адлеиԥҳаа, Екатерина Онишьенко, Ҭемыр Ҭарба (ахантәаҩы) реилатәарала.

Здание Верховного суда Абхазии перед началом заседания, 17 сентября 2019 - Sputnik Аҧсны
Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ ахәаԥшра Роман Кәарҷиа далахәхаӡом

Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩ Екатерина Онишьенко ахашшааратә инстанциа аӡбаҩцәа реилазаара далагалоуп уи аилазаараҟынтәи ажьырныҳәа 9 рзы адукат Инга Габелаиаԥҳа лзыҳәала аӡбаҩ Роман Кәарҷиа даналгаха ашьҭахь.

Аԥсны алхратә комиссиа хада аихшьаалақәа рыла иҳаҩсыз алхрақәа раан Рауль Ҳаџьымба 47,39% алхыҩцәа рыбжьы ирҭеит, аоппозициатә партиа "Амцахара" аԥхьагыла Алхас Кәыҵниа - 46,17%.

Цәыббра 11 рзы Кәыҵниа Алхратә комиссиа хада дазашшит. Цәыббра 20 рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ ахәаԥшра мап ацәнакит.

Жьҭаара 7 рзы Кәыҵниа Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбра дахашшаауа ахашшааратә шшыԥхьыӡ ҟаиҵеит.

Аҿагыларатә акциа хацыркын ажьырныҳәа 9 рзы. Аԥхьа ауаа еизеит Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа. Урҭ иҟоу акриминогентә ҭагылазаашьазы агәынамӡара аадырԥшуан.

Убри аамҭазы Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿы иахәаԥшуан атәыла ахадарахь кандидатс иҟаз Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ.

Амитинг алахәылацәа атәыла ахада Иусбарҭа ахыбрахь инеиит алхрақәа рылкаақәа еиҭарыхәаԥшызарц азы адҵа ҟаҵо. Амитинг алахәылацәеи азинхьчаратә органқәеи рыбжьара аидысларақәа ҟалеит. Аоппозициа ахаҭарнакцәа ахыбра актәи аихагыла ашәқәеи аԥенџьырқәеи ԥҽны иҩналеит.

Здание Верховного суда РФ в Москве - Sputnik Аҧсны
Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ иахәаԥшуа аӡбаҩцәа реилазаара шьақәыргылоуп

Абри ашьҭахь Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит аҽынкылара аадырԥшларц. Ҳаџьымба иазгәеиҭеит иҟоу аҭышәныртәаларазы атәылаҿ аҭагылазаашьа ҷыда алагалахар шалшо.

Иара убри аҽны адепутатцәа ԥыҭҩыки атәыла ахадеи аиԥылара рыман. Аиԥылара ашьҭахь Аԥсны Апарламент адепутцәа ақәҵара апроект рыдыркылеит. Апроект инақәыршәаны атәыла ахада иахь ааԥхьара ҟарҵеит инапынҵақәашьҭеиҵарц азы. Абри инадҳәаланы ахада ипресс-маҵзура аҭак ҳәамҭа рыланарҵәеит.

"Апарламент иҟанаҵаз аҳәамҭа, ԥхьаҟазы аҭынчра аҭышәныртәалара иазырхоуп ҳәа хықәкны ишазгәаҭоугьы ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа еиҳагьы еицәанатәуеит, атәылазы еиҭакшьа змам ахылҿиаақәа ахҟьар ҟалоит" ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҿы.

Акциа алахәылацәа иаашаанӡа ахыбра аанкыланы итәан. Иҟан адәахьы иҷаԥшьозгьы. Уажәтәи аамҭазы ахада Иусбарҭа, Апарламент, Аминистрцәа реилазаара рышәқәа аркуп.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0