Аԥсныҟа даараны дыҟоуп Рашид Нургалиев

© Sputnik / Валерий Мельников / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРашид Нургалиев
Рашид Нургалиев  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҩымшуп Аҟәа аҿагыларатә акциа мҩаԥысуеижьҭеи. Акциа алахәылацәа дҵаны иқәдыргылоит атәыла ахада ԥхьатәара дцарц.

АҞӘА, ажьырныҳәа 10 - Sputnik. Аԥсны амчратә еилазаарақәа рҟынтәи ахаҿы Sputnik адырра аиҭеит ажьырныҳәа 10 рзы Аԥсныҟа даараны дыҟоуп Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиев ҳәа.

Аԥсны ААР адыррақәа рыла аҳәаахь идәықәҵоуп амҩаԥгаратә екипажқәа ҩба.

Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Муҳаммад Кьылба - Sputnik Аҧсны
Кьылба амч ахархәаразы: усеиԥш агәҭакы ыҟам, аха иҟалар алшоит

Аҿагыларатә акциа хацыркын ажьырныҳәа 9 рзы. Аԥхьа ауаа еизеит Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа. Урҭ иҟоу акриминогентә ҭагылазаашьазы агәынамӡара аадырԥшуан.

Убри аамҭазы Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿы иахәаԥшуан атәыла ахадарахь кандидатс иҟаз Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ.

Амитинг алахәылацәа атәыла ахада Иусбарҭа ахыбрахь инеиит алхрақәа рылкаақәа еиҭарыхәаԥшызарц азы адҵа ҟаҵо. Амитинг алахәылацәеи азинхьчаратә органқәеи рыбжьара аидысларақәа ҟалеит. Аоппозициа ахаҭарнакцәа ахыбра актәи аихагыла ашәқәеи аԥенџьырқәеи ԥҽны иҩналеит.

Абри ашьҭахь Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит аҽынкылара аадырԥшларц. Ҳаџьымба иазгәеиҭеит иҟоу аҭышәныртәаларазы атәылаҿ аҭагылазаашьа ҷыда алагалахар шалшо.

Иара убри аҽны адепутатцәа ԥыҭҩыки атәыла ахадеи аиԥылара рыман. Аиԥылара ашьҭахь Аԥсны Апарламент адепутцәа ақәҵара апроект рыдыркылеит. Апроект инақәыршәаны атәыла ахада иахь ааԥхьара ҟарҵеит инапынҵақәашьҭеиҵарц азы. Абри инадҳәаланы ахада ипресс-маҵзура аҭак ҳәамҭа рыланарҵәеит.

"Апарламент иҟанаҵаз аҳәамҭа, ԥхьаҟазы аҭынчра аҭышәныртәалара иазырхоуп ҳәа хықәкны ишазгәаҭоугьы ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа еиҳагьы еицәанатәуеит, атәылазы еиҭакшьа змам ахылҿиаақәа ахҟьар ҟалоит" ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҿы.

Акциа алахәылацәа иаашаанӡа ахыбра аанкыланы итәан. Иҟан адәахьы иҷаԥшьозгьы. Уажәтәи аамҭазы ахада Иусбарҭа, Апарламент, Аминистрцәа реилазаара рышәқәа аркуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0