Рашид Нургалиев Аԥсныҟа дааит

© Sputnik / Михаил Климентьев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРашид Нургалиев
Рашид Нургалиев - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла азинхьчаратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәеи аԥснытәи урҭ рколлегацәеи реиԥылара мҩаԥысраны иҟоуп ажьырныҳәа 11 рзы.

АҞӘА ажьырныҳәа 10 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиев Аԥсныҟа дааит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Муҳамед Кьылба.

Нургалиев ицааит Урыстәыла азинхьчаратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа аԥснытәи рколлегацәа реиԥыларазы.

"Аиԥылара мҩаԥысраны иҟоуп атәыла ахадеи дареи рыбжьарагьы", - иҳәеит Кьылба.

Урыстәыла азинхьчаратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәеи аԥснытәи урҭ рколлегацәеи реиԥылара мҩаԥысраны иҟоуп ажьырныҳәа 11 рзы.

Аҿагыларатә акциа хацыркын ажьырныҳәа 9 рзы. Аԥхьа ауаа еизеит Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа. Урҭ иҟоу акриминогентә ҭагылазаашьазы агәынамӡара аадырԥшуан.

Рашид Нургалиев  - Sputnik Аҧсны
Аԥсныҟа даараны дыҟоуп Рашид Нургалиев

Убри аамҭазы Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿы иахәаԥшуан атәыла ахадарахь кандидатс иҟаз Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ.

Амитинг алахәылацәа атәыла ахада Иусбарҭа ахыбрахь инеиит алхрақәа рылкаақәа еиҭарыхәаԥшызарц азы адҵа ҟаҵо. Амитинг алахәылацәеи азинхьчаратә органқәеи рыбжьара аидысларақәа ҟалеит. Аоппозициа ахаҭарнакцәа ахыбра актәи аихагыла ашәқәеи аԥенџьырқәеи ԥҽны иҩналеит.

Абри ашьҭахь Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит аҽынкылара аадырԥшларц. Ҳаџьымба иазгәеиҭеит иҟоу аҭышәныртәаларазы атәылаҿ аҭагылазаашьа ҷыда алагалахар шалшо.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0