Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак: Ҳаџьымбеи Нургалиеви Аҟәа еиԥылеит

© Sputnik / Алексей Никольский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥсны Ашәарҭадаратә хеилак: Нургалиеви Ҳаџьымбеи Аҟәа реиԥылара мҩаԥысит
Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак: Нургалиеви Ҳаџьымбеи Аҟәа реиԥылара мҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахадеи Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩи реиԥылара мҩаԥысит ахәаша, ажьырныҳәа 10 ахәылбыҽха.

АҞӘА, ажьырныҳәа 11 - Sputnik. Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымбеи Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиеви ирыхцәажәеит ҳтәылаҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьеи уи наҟ-наҟ аҭышәныртәаларазы имҩаԥгатәу ауснагӡатәқәеи, абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы Муҳаммад Кьылба.

"Дара ишьақәдыргылеит уажәтәи аҭагылазаашьа аҭышәныртәалареи ауаа реиҿагылара алмыршаразы имҩаԥгатәу ауснагӡатәқәа рсиа", - иҳәеит Кьылба.

Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы аиԥылараҟны ҷыдала излацәажәаз атәы аҳәара мап ацәикит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0