Азиндырҩы иҳәеит Аԥсны ахада иалхрақәа анымҩаԥысша аҿҳәара

© Sputnik / Михаил Воскресенский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАзиндырҩы иҳәеит Аԥсны ахада иалхрақәа анымҩаԥысша аҿҳәара
Азиндырҩы иҳәеит Аԥсны ахада иалхрақәа анымҩаԥысша аҿҳәара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә инстанциа Аԥсны ахадарахьы ԥасатәи акандидат Алхас Кәыҵниа аӡбарҭа актәи аинстанциа ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур закәантәуп ҳәа иаднакылаз аӡбаразы иашшыԥхьыӡ нанагӡеит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 11 - Sputnik. Аԥсны ахада иалхра ҿыцқәа мҩаԥысроуп ҩба-хԥа мзы ирҭагӡаны, абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит аӡбарҭаҟны аҭакҟаҵаҩ ихаҭарнак Гиви Габниа.

Габниа иажәақәа рыла, азакәан инақәыршәаны ахашшааратә инстанциа аӡбамҭа амч аиуеит уи анрыларҳәа инаркны. 

"Алхратә комиссиа аилатәара мҩаԥнагоит, нас ишьақәнаргылоит иааиуа ҩба-хԥа мзы ирҭагӡаны алхра ҿыцқәа ррыцхә", - иҳәеит иара.

Габниа иазгәеиҭеит иазҿлымҳау ахаҿқәа ахашшааратә инстанциа аӡбара Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Апрезидиум аҟны иахашшаар азин шрымоу.

"Сгәаанагарала, урҭ ари азин рхы иадырхәоит. Аха уи ус шакәҵәҟьоу агәра шәызсыргом", - инаҵишьит Габниа.

Иара иажәақәа рыла, азакәан инақәыршәаны, иааиуа ахада иалхрақәа мҩаԥысаанӡа ахада инапынҵақәа наигӡалоит Рауль Ҳаџьымба.

Амитинг иалахәу еимпырц ргәы иҭаӡам - Sputnik Аҧсны
Амитинг иалахәу еимпырц ргәы иҭаӡам, Ҳаџьымба инапынҵақәа шьҭеимҵакәа

Аԥсны алхратә комиссиа хада аихшьаалақәа рыла цәыббра 8 аҽны имҩаԥгаз алхрақәа раан Рауль Ҳаџьымба 47,39% алхыҩцәа рыбжьы ирҭеит, аоппозициатә партиа "Амцахара" аԥхьагыла Алхас Кәыҵниа - 46,17%.

Цәыббра 11 рзы Кәыҵниа Алхратә комиссиа хада дазашшит. Цәыббра 20 рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ ахәаԥшра мап ацәнакит.

Жьҭаара 7 рзы Кәыҵниа Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбра дахашшаауа ахашшааратә шшыԥхьыӡ алеиҵеит.

Ажьырныҳәа 9 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿы имҩаԥысуан ахашшараратә инстанциа аилатәара, алхрақәа рылкаақәа рганахь ала Алхас Кәыҵниа инеишьҭыз ашшыԥхьыӡ инамаданы. Азашшҩы идукат Инга Габелаиаԥҳа лзыҳәа дақәшаҳаҭхеит аӡбаҩ Ҭемыр Ҭарба, уи инамаданы  ахәаԥшра аӡбаҩ Роман Кәарҷиа далахәхом ҳәа аусԥҟа рыдыркылеит. 

Ажьырныҳәа 10 рзы  Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩ Екатерина Онишьенко ахашшааратә инстанциа аӡбаҩцәа реилазаара далагалан. 

Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ иахәаԥшуан аӡбаҩцәа: Лиа Адлеиаԥҳа, Екатерина Онишьенко, Ҭемыр Ҭарба (ахантәаҩы).

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0