Нургалиев иаареи ахашшааратә инстанциа аӡбамҭеи: акциатә ҿагылара амҩаԥысшьа

© SputnikНургалиев иаареи ахашшааратә инстанциа аӡбамҭеи: акциатә ҿагылара амҩаԥысшьа
Нургалиев иаареи ахашшааратә инстанциа аӡбамҭеи: акциатә ҿагылара амҩаԥысшьа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Аԥсны Аконституциа инақәыршәаны ишьақәыргылоу аҿҳәаразы ахада иалхрақәа еиҭамҩаԥгатәуп ҳәа аӡбеит, ахашшааратә инстанциа аӡбарҭа ҭагалан имҩаԥысыз Аԥсны ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур алҵшәақәеи аӡбарҭа актәи аинстанциа аӡбареи закәаным ҳәа иазхаҵаны.

Аҿагыларатә акциа аҩбатәи амш шеилгаз атәы аматериал аҿы.

Sputnik

Аҿагыларатә акциа хацыркын ажьырныҳәа 9 рзы. Аԥхьа ауаа еизеит Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа. Уажәтәи аамҭазы ахада Иусбарҭа, Апарламент, Аминистрцәа реилазаара рышәқәа аркуп.

Штурм администрации президента - Sputnik Аҧсны
Аоппозициаа рыдгылаҩцәа ахада Иусбарҭа ахыбрахь иҩналеит

Акциа аиҿкааҩцәа иазгәарҭоит абри аҩыза аҭагылазаашьахь икылызгаз аҵыхәтәантәи хәышықәса рыҩнуҵҟа иҟоу аҭагылазаашьа шакәу. Ауаа агәҭынчымра ду рнаҭоит ареспубликаҿы иҟоу акриминогентә ҭагылазаашьа.

Амитинг алахәылацәа атәыла ахада Иусбарҭа ахыбрахь инеит алхрақәа рылкаақәа еиҭарыхәаԥшызарц азы адҵа ҟаҵо. Амитинг алахәылацәеи азинхьчаратә усбарҭақәеи рыбжьара аидысларақәа ҟалеит. Аоппозициа ахаҭарнакцәа ахыбра актәи аихагыла ашәқәеи аԥенџьырқәеи ԥҽны иҩналеит.

Абри ашьҭахь Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит аҽынкылара аадырԥшларц. Ҳаџьымба иазгәеиҭеит иҟоу аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы атәылаҿ аҭагылазаашьа ҷыда алагалахар шалшо.

Обращение Рауля Хаджимба - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба: иаҭахханы иҟалозар атәылаҿ иҷыдоу аҭагылазаашьа алагалахоит

Иара убри аҽны адепутатцәа ԥыҭҩыки атәыла ахадеи аиԥылара рыман. Аиԥылара ашьҭахь Аԥсны Апарламент адепутцәа ақәҵара апроект рыдыркылеит. Апроект инақәыршәаны атәыла ахада иахь ааԥхьара ҟарҵеит инапынҵақәа шьҭеиҵарц азы. Абри инадҳәаланы ахада ипресс-маҵзура аҭактә ҳәамҭа рыланарҵәеит.

"Апарламент иҟанаҵаз аҳәамҭа ԥхьаҟазы аҭынчра аҭышәныртәалара иазырхоуп ҳәа хықәкыс ишазгәаҭоугьы, ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа еиҳагьы еицәанатәуеит, атәылазы еиҭакшьа змам ахылҿиаақәа ахҟьар ҟалоит", - аҳәоит аҳәамҭаҿы.

Адепутатцәа ахада имаҵура шьҭеиҵаразы ақәҵара рыдыркылеит>>

Ажьырныҳәа 9-10 ауха иаашаанӡа аоппозициаа рхаҭарнакцәа ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа игылан. Шьыжьнаҵы аҭагылазаашьа ҭынчын.

Ахада Иусбарҭа акәша-мыкәша иҷаԥшьон амилициа аусзуҩцәеи аҟәша ҷыдақәа русзуҩцәеи.

Амитинг иалахәыз руаӡәк ацхыраара ласы изаԥхьеит, ҩыџьа ауаа ибаргәым ахәрақәа роуит ҳәа азгәарҭеит Аҟәатәи ақалақьтә хәышәтәырҭаҿы.

Агәабзиарахьчара аминистрраҿы иазгәарҭеит Апарламент аиҳабы Валери Кәарҷиа аилатәараан ишьақәыӷәӷәара халаны Ареспубликатә хәышәтәырҭахь дышнагаз.

Азинмчратә усбарҭақәа арежим ҷыда инақәыршәаны аус руеит - Sputnik Аҧсны
Азинмчратә усбарҭақәа арежим ҷыда инақәыршәаны аус руеит

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Раули Смыр иажәақәа рыла, азинхьчаратә усбарҭақәа дҵа хадас ирымоу амчра адгылаҩцәеи аоппозициа адгылаҩцәеи реиҿанагалара алмыршароуп.

Ажьырныҳәа 10 асааҭ 8:15 рзы зусурахь иааз Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганба уа игылаз иусурҭатә ҭыԥ ахь днармышьҭит. Иара игәаанагарала иазиԥхьаӡоит азинеиҿкаара ҟаларц азы аицәажәара аҭахуп ҳәа.

Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганба иазгәеиҭеит аминистрцәа реилазаара аусура мҩаԥнагоит аха ихарҭәаамкәа ҳәа.

Аԥсны ахада Иусбарҭа аанкыланы измоу амч ахархәарала уахьынтәи рдәылгара гәҭакны иҟам, аха ус шакәугьы аҭагылазаашьа абри амҩала идәықәлар алшоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Муҳаммед Кьылба.

Ситуация у администрации президента  - Sputnik Аҧсны
Аҟәа аҭагылазаашьа зеиԥшроу: аҿагыларатә акциа аҩбатәи амш

"Ҳара ҳзы аҵак ду аманы иҟоуп ауснагӡатә ҷыдақәа раан ахыбра аҩнуҵҟа иҟоу ауаа кьыс рмоурц. Ҳара ишаадыруала, уа 250-300-ҩык рҟынӡа ауаа ыҟоуп. Азинмчратә усбарҭақәа дҵас ирымоу адәахьынтә уахь аӡәгьы инамышьҭроуп, аидыслара ҟамларц", - иҳәеит иара.

Иара иҳәеит Ашәарҭадаратә хеилак аҿы ишырдыруа ахада Иусбарҭа акабинетқәа рышәқәа шыԥҽу, абџьар зыҩноу ауадагьы шаарту. Аиҿцәажәара мҩаԥысуеит абџьар архынҳәразы. Хә-цырак абџьар дырхынҳәхьеит.

Амч ахархәара аганахь ала Кьылба иҳәеит акциа алахәылацәа рхымҩаԥгашьеи аиҿцәажәарақәа рцашьеи ишырхьырԥшу иҟало аҭагылазаашьа.

"Ахада ар ркомандаҟаҵаҩ иоуп. Иара иоуп аӡбра хадагьы здызкыло. Ажәылара ҳагәҭакызҭгьы ашамҭаз имҩаԥаагар ҟалон, аха усеиԥш гәҭакы ыҟам", - иҳәеит Кьылба.

Кьылба амч ахархәаразы: усеиԥш агәҭакы ыҟам, аха иҟалар алшоит>>

Амитинг аиҿкааҩцәа ируаӡәку Ахра Аҩӡба иаҿаԥиҽит Кьылба ахада Иусбарҭаҟынтәи абџьар ӷьычуп ҳәа ииҳәаз.

Асааҭ 12:30 рзы Аминистрцәа реилазаара ахыбра аҿаԥхьа еизеит Рауль Ҳаџьымба идгылаҩцәа.

10 января собрались и сторонники действующего президента Рауля Хаджимба.  - Sputnik Аҧсны
Рауль Ҳаџьымба идгылаҩцәа Аиҳабыра рыҩны аҿаԥхьа еизеит

Асааҭ 13:00 рзы еизаз рахь днеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Даур Аршба. Иара иҳәеит асааҭ 15:00 рзы амитинг ҟалоит ҳәа.

Иара убри аамҭазы иазыԥхьагәаҭан ахашшааратә инстанциа аилатәарагьы.

Аӡбара аадыртит аӡбаҩцәа: Ҭемыр Ҭарба, Екатерина Онишьченко, Лиа Адлеиԥҳа. Аилатәарахь иааиит Алхас Кәыҵниа, адукат Инга Габилаиаԥҳа, апрокурорцәа Даур Амҷба, Елена Ҷыҭанааԥҳа. Ашшыԥхьыӡ ахәаԥшрахь имнеиӡеит аҭакҳәаҩ ихаҭарнакцәа: Кристина Габлиаԥҳа, Марина Ҭаниаԥҳа, Дмитри Шамба, Гиви Габниа, Валери Агрба.

Аԥсны ахадеи Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩи реиԥылара мҩаԥысит ахәаша, ажьырныҳәа 10 ахәылбыҽха.

Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымбеи Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиеви ирыхцәажәеит ҳтәылаҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьеи уи наҟ-наҟ аҭышәныртәаларазы имҩаԥгатәу ауснагӡатәқәеи, абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы Муҳаммад Кьылба.

Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак: Нургалиеви Ҳаџьымбеи Аҟәа реиԥылара мҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак: Ҳаџьымбеи Нургалиеви Аҟәа еиԥылеит

"Дара ишьақәдыргылеит уажәтәи аҭагылазаашьа аҭышәныртәалареи ауаа реиҿагылара алмыршареи рзы имҩаԥгатәу ауснагӡатәқәа рсиа", - иҳәеит Кьылба.

Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы аиԥылараҟны ҷыдала излацәажәаз атәы аҳәара мап ацәикит.

Асааҭ 21:40 рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә инстанциа Аԥсны ахадарахьы ԥасатәи акандидат Алхас Кәыҵниа аӡбарҭа актәи аинстанциа ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур закәантәуп ҳәа иаднакылаз аӡбаразы иалеиҵаз иашшыԥхьыӡ нанагӡеит.

Аԥсны ахада иалхра ҿыцқәа мҩаԥысроуп ҩба-хԥа мзы ирҭагӡаны, абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит аӡбарҭаҟны аҭакҟаҵаҩ ихаҭарнак Гиви Габниа.

Судейский молоток и весы Фемиды - Sputnik Аҧсны
Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Аԥсны ахада иалхрақәа рылҵшәақәа закәаным ҳәа иазханаҵеит

Габниа иажәақәа рыла, азакәан инақәыршәаны ахашшааратә инстанциа аӡбамҭа амч аиуеит уи анрыларҳәа инаркны.

Абри ашьҭахь Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә инстанциа аӡбамҭа азакәанԥҵара еилаганы ирыдыркылеит, уи арҭ амшқәа рзы ишьақәгылаз ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа еиҳагьы еицәанатәыр алшоит ҳәа аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба ипресс-маҵзура.

"Ари аӡбамҭа рыдыркылеит аиҳабыратә хыбрақәа анеиларыжьуаз, ахада Иусбарҭа анааныркылаз, Иреиҳаӡоу аусбарҭа ахыбра иакәшаны ианыркыз аҭагылазаашьақәа раан. Абри аҩыза ақәыӷәӷәараан Иреиҳаӡоу аусбарҭа аобиективтә ӡбамҭа аднакылар алшон ҳәа узҳәом", - аҳәоит адырраҭараҟны.

Иара убас иазгәаҭоуп Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбамҭа Апрезидиум ахь ахәаԥшразы ишахашшаахо, избанзар уи рыдыркылеит аус зуа азакәанԥҵара ӷәӷәала еилаганы.

Акциа алахәылацәа ракәзар, аимпра рыгәҭакым Рауль Ҳаџьымба инапынҵақәа мап рцәикаанӡа. Убри аан Аслан Бжьаниа аҳәамҭа ҟаиҵеит алхрақәа мҩаԥгахаанӡа Аԥсны ахада инапынҵақәа Апарламент аиҳабы инеигӡалар илшоит ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0