Урыстәылатәи аруаа аныҳәамшқәа раан аекскурсиақәа рзымҩаԥган

© Пресс-служба Южного военного округа РФУрыстәылатәи аруаа аныҳәамшқәа раан аекскурсиақәа рзымҩаԥган
Урыстәылатәи аруаа аныҳәамшқәа раан аекскурсиақәа рзымҩаԥган - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи аладатәи арратә округ аруаа рҭаацәеи дареи жәаба рҟынӡа Аԥсны иҟоу аҭоурыхтә ҭыԥқәа ирҭааит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 11 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа рҭаацәеи дареи рзы аныҳәамшқәа раан аекскурсиақәа мҩаԥган ҳәа аанацҳауеит аокруг апресс-маҵзура.

В Абхазии новобранцы танковых подразделений ЮВО приступили к тренировкам на компьютерных танковых тренажерах - Sputnik Аҧсны
Урыстәылатәи аруаа авиртуалтә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

Аруаа рҭаацәеи дареи жәаба рҟынӡа Аԥсны аҭоурыхтә ҭыԥқәа ирҭааит. Дара неины ирбеит Афон ҿыцтәи аҭоурых-культуратә ҳәырԥсарра "Анаҟәаԥиа", ихалеит Анаҟәаԥиатәи абааш (IV-XIX вв.) ахь, Аԥсуа ҳәынҭқарра амузеи иаҭааит, иара убасгьы Афонҿыцтәи аҳаԥы иҭалеит.

Аекскурсиақәа ирылахәын 500-ҩык инарзынаԥшуа аррамаҵзурауаа.

Ашықәс ҿыц азы иара убасгьы еиҿкаан еиуеиԥшым аныҳәатә уснагӡатәқәа: аиндаҭларақәа, аконцертқәа, ақәгыларақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0