Аршба ахада Иусбарҭа иаҭоу аԥхасҭазы: изыхәҭоу аусбарҭақәа иҭырҵаароуп

© SputnikАршба ахада Иусбарҭа иаҭоу аԥхасҭазы: изыхәҭоу аусбарҭақәа иҭырҵаароуп
Аршба ахада Иусбарҭа иаҭоу аԥхасҭазы: изыхәҭоу аусбарҭақәа иҭырҵаароуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хымшуп Аԥсны ахада Иусбарҭа ахыбра аҿаԥхьа аҿагыларатә акциа мҩаԥысуеижьҭеи, уи ахада ихан аоппозициа ахаҭарнакцәа иаанкыланы ирымоуп, уаҩ дыҩнарыжьлом.

АҞӘА, ажьырныҳәа 11 - Sputnik, Бадри Есиава. Атәыла ахада Иусбарҭа ажәлараан иҟаҵаз аԥхасҭа аӡәы аԥара ахишәаароуп, абри аус изыхәҭаны иҟоу аусбарҭақәа рнапы ианҵатәуп иҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Даур Аршба.

Иара иазгәеиҭеит арҭ аусбарҭақәа аԥхасҭа ахышәа-ҵышәа шьақәыргыланы иҟазҵаз ахаҿқәагьы шьақәдыргылароуп ҳәа.

"Административтә хыбра иақәланы идырбгеит. Сара уахь сыҩнамлеит, аха асоциалтә ҳақәа рҟны акадрқәа збеит. Аиашазы, даҽакы ҳазыԥшымызт", - иҳәеит иара.

Аҿагыларатә акциа хацыркын ажьырныҳәа 9 рзы. Уи аиҿкааҩцәа иазгәарҭоит абри аҩыза аҭагылазаашьахь икылызгаз аҵыхәтәантәи хәышықәса рыҩнуҵҟа иҟоу аҭагылазаашьа шакәу. Ауаа агәҭынчымра ду рнаҭоит ареспубликаҿы иҟоу акриминогентә ҭагылазаашьа.

Рауль Ҳаџьымба  - Sputnik Аҧсны
Ахада ҿыц далырхаанӡа Ҳаџьымба ахада инапынҵақәа наигӡалоит

Амитинг алахәылацәа атәыла ахада Иусбарҭа ахыбрахь инеит алхрақәа рылкаақәа еиҭарыхәаԥшызарц азы адҵа ҟаҵо. Амитинг алахәылацәеи азинхьчаратә усбарҭақәеи рыбжьара аидысларақәа ҟалеит. Аоппозициа ахаҭарнакцәа ахыбра актәи аихагыла ашәқәеи аԥенџьырқәеи ԥҽны иҩналеит.

Абри ашьҭахь Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит аҽынкылара аадырԥшларц. Ҳаџьымба иазгәеиҭеит иҟоу аҭышәныртәаларазы атәылаҿ аҭагылазаашьа ҷыда алагалахар шалшо.

Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы Муҳаммад Кьылба иажәақәа рыла, Ахада Иусбарҭаҟны иҟоу абџьарҵәахырҭа иҩналаны, абџьар ҩныганы иргеит.

Аҿагыларатә акциа аиҿкааҩцәа руаӡәк Ахра Аҩӡба анаҩс излеиҳәаз ала, дара рхаҭарнакцәа ус еиԥш ахымҩаԥгашьа аадмырԥшит.

Иара убри аҽны адепутатцәа ԥыҭҩыки атәыла ахадеи аиԥылара рыман. Аиԥылара ашьҭахь Аԥсны Апарламент адепутатцәа ақәҵара апроект рыдыркылеит. Апроект инақәыршәаны атәыла ахада иахь ааԥхьара ҟарҵеит инапынҵақәа шьҭеиҵарц азы. Абри инадҳәаланы ахада ипресс-маҵзура аҭак ҳәамҭа рыланарҵәеит.

Батал Табагуа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Табаӷәуа: ишьақәгылаз аҭагылазаашьа закәанла ишԥалҵри ҳәа ихәыцуеит адепутатцәа

Ажьырныҳәа 9-10 ауха иаашаанӡа аоппозициаа рхаҭарнакцәа ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа игылан. Шьыжьнаҵы аҭагылазаашьа ҭынчын.

Ахада Иусбарҭа акәша-мыкәша иҷаԥшьон амилициа аусзуҩцәеи аҟәша ҷыдақәа русзуҩцәеи.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Раули Смыр иажәақәа рыла, азинхьчаратә усбарҭақәа дҵа хадас ирымоу амчра адгылаҩцәеи аоппозициа адгылаҩцәеи реиҿанагалара алмыршароуп.

Ажьырныҳәа 10 асааҭ 8:15 рзы зусурахь иааз Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганба уа игылаз иусурҭатә ҭыԥ ахь днармышьҭит. Иара игәаанагарала иазиԥхьаӡоит азинеиҿкаара ҟаларц азы аицәажәара аҭахуп ҳәа.

Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганба иазгәеиҭеит аминистрцәа реилазаара аусура мҩаԥнагоит, аха ихарҭәаамкәа ҳәа.

СОВЕЩАНИЕ С МИНИСТРАМИ - Sputnik Аҧсны
Валери Бганба Аминистрцәа реилазаара аусура атәы далацәажәеит

Асааҭ 12:30 рзы Аминистрцәа реилазаара ахыбра аҿаԥхьа еизеит Рауль Ҳаџьымба идгылаҩцәа.

Иара убри аамҭазы иазԥхьагәаҭан ахашшааратә инстанциа аилатәарагьы.

Аӡбара хдыртит аӡбаҩцәа: Ҭемыр Ҭарба, Екатерина Онишьченко, Лиа Адлеиԥҳа. Аилатәарахь иааиит Алхас Кәыҵниа, адукат Инга Габилаиаԥҳа, апрокурорцәа Даур Амҷба, Елена Ҷыҭанааԥҳа. Ашшыԥхьыӡ ахәаԥшрахь имнеиӡеит аҭакҳәаҩ ихаҭарнакцәа: Кристина Габелиаԥҳа, Марина Ҭаниаԥҳа, Дмитри Шамба, Гиви Габниа, Валери Агрба.

Асааҭ 21:40 рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә инстанциа Аԥсны ахадарахьы ԥасатәи акандидат Алхас Кәыҵниа аӡбарҭа актәи аинстанциа ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур закәантәуп ҳәа иаднакылаз аӡбаразы иашшыԥхьыӡ нанагӡеит.

Аслан Бжьаниа Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбамҭа ахәшьара аиҭеит - Sputnik Аҧсны
Аслан Бжьаниа Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбамҭа ахәшьара аиҭеит

Аԥсны ахада иалхра ҿыцқәа мҩаԥысроуп ҩба-хԥа мзы ирҭагӡаны, абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит аӡбарҭаҟны аҭакҟаҵаҩ ихаҭарнак Гиви Габниа.

Габниа иажәақәа рыла, азакәан инақәыршәаны ахашшааратә инстанциа аӡбамҭа амч аиуеит уи анрыларҳәа инаркны.

Абри ашьҭахь Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә инстанциа аӡбамҭа азакәанԥҵара еилаганы ирыдыркылеит, уи ишьақәгылаз ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа еиҳагьы еицәанатәыр алшоит ҳәа аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба ипресс-маҵзура.

"Ари аӡбамҭа рыдыркылеит аиҳабыратә хыбрақәа анеиларыжьуаз, ахада Иусбарҭа анааныркылаз, Иреиҳаӡоу аусбарҭа ахыбра иакәшаны ианыркыз аҭагылазаашьақәа раан. Абри аҩыза ақәыӷәӷәараан Иреиҳаӡоу аусбарҭа аобиективтә ӡбамҭа аднаклар алшон ҳәа узҳәом", - аҳәоит адырраҭараҟны.

Аԥсны АКХ ахада иалхра арыцхә ашәахьаҽны ирыланаҳәоит - Sputnik Аҧсны
Аԥсны АКХ ахада иалхра арыцхә ашәахьа, ажьырныҳәа 13 рзы ирыланаҳәоит

Иара убас иазгәаҭоуп Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбамҭа Апрезидиум ахь ахәаԥшразы ишахашшаахо, избанзар уи рыдыркылеит аус зуа азакәанԥҵара ӷәӷәала еилаганы.

Акциа алахәылацәа ракәзар аимыҵра рыгәҭакым рыдҵа хада – Рауль Ҳаџьымба инапынҵақәа мап рцәикаанӡа. Убри аан Аслан Бжьаниа аҳәамҭа ҟаиҵеит алхрақәа мҩаԥгахаанӡа Аԥсны ахада инапынҵақәа Апарламент аиҳабы инеигӡалар алшоит ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0