Аԥсны АКХ ахада иалхра арыцхә ашәахьа, ажьырныҳәа 13 рзы ирыланаҳәоит

© Sputnik Аԥсны АКХ ахада иалхра арыцхә ашәахьаҽны ирыланаҳәоит
Аԥсны АКХ ахада иалхра арыцхә ашәахьаҽны ирыланаҳәоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә инстанциа Аԥсны ахадарахьы ԥасатәи акандидат Алхас Кәыҵниа аӡбарҭа актәи аинстанциа ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур закәантәуп ҳәа иаднакылаз аӡбаразы иашшыԥхьыӡ нанагӡеит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 11 - Sputnik. Аԥсны АКХ ахада иалхра арыцхә ашәахьаҽны, ажьырныҳәа 13 асааҭ 11:00 рзы ирыланаҳәоит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Алхас Кәыҵниа Ҭамаз Гогьиеи иареи реиԥылара ашьҭахь. Абри атәы ааицҳауеит Sputnik акорреспондент.

Алхас Кәыҵниа хаҭала Аԥсны АКХ иазнеигеит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә инстанциа аколлегиа рыӡбамҭа, иара иажәақәа рыла, аус арццакразы. АКХ ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа аӡбамҭа Иреиҳаӡоу аӡбара ашәҟәымҩаԥгаҩ инеигар шихәҭоугьы, адокумент идикылеит, АКХ аҟны иҭарҩит.

Ажьырныҳәа 10 рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә инстанциа аилатәара мҩаԥысуан.

Аӡбара аилатәара аадыртит аӡбаҩцәа: ҬемырҬарба, Екатерина Онишьенко, Лиа Адлеиԥҳа. Аилатәарахь иааит Алхас Кәыҵниа, адукат Инга Габилаиаԥҳа, апрокурорцәа Даур Амҷба, Елена Ҷыҭанааԥҳа. Ашшыԥхьыӡ ахәаԥшрахь имнеиӡеит аҭакҳәаҩ ихаҭарнакцәа: Кристина Габлиаԥҳа, Марина Ҭаниаԥҳа, Дмитри Шамба, Гиви Габниа, Валери Агрба.

Бжьаниа Аԥсны аԥыза-министр иԥылара ашьҭахь: аполитикатә еибарххара аанкылахоит - Sputnik Аҧсны
Бжьаниа Аԥсны аԥыза-министр иԥылара ашьҭахь: аполитикатә еибарххара аанкылахоит

Быжь-сааҭк инарзынаԥшуа имҩаԥысуаз Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә инстанциа аилатәара Аԥсны ахадарахьы ԥасатәи акандидат Алхас Кәыҵниа аӡбарҭа актәи аинстанциа ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур закәантәуп ҳәа иаднакылаз аӡбаразы иашшыԥхьыӡ нанагӡеит.

Аԥсны ахада иалхра ҿыцқәа мҩаԥысроуп ҩба-хԥа мзы ирҭагӡаны, абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит аӡбарҭаҟны аҭакҟаҵаҩ АКХ ахаҭарнак Гиви Габниа.

Габниа иажәақәа рыла, азакәан инақәыршәаны ахашшааратә инстанциа аӡбамҭа амч аиуеит уи анрыларҳәа инаркны.

Абри ашьҭахь Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә инстанциа аӡбамҭа азакәанԥҵара еилаганы ирыдыркылеит, уи ишьақәгылаз ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа еиҳагьы еицәанатәыр алшоит ҳәа аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба ипресс-маҵзура.

"Ари аӡбамҭа рыдыркылеит аиҳабыратә хыбрақәа анеиларыжьуаз, ахада Иусбарҭа анааныркылаз, Иреиҳаӡоу аусбарҭа ахыбра иакәшаны ианыркыз аҭагылазаашьақәа раан. Абри аҩыза ақәыӷәӷәараан Иреиҳаӡоу аусбарҭа аобиективтә ӡбамҭа аднакылар алшон ҳәа узҳәом", - аҳәоит адырраҭараҟны.
Иара убас иазгәаҭоуп Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбамҭа Апрезидиум ахь ахәаԥшразы ишахашшаахо, избанзар уи рыдыркылеит аус зуа азакәанԥҵара ӷәӷәала еилаганы.

Акциа алахәылацәа ракәзар, аимпра рыгәҭакым Рауль Ҳаџьымба инапынҵақәа мап рцәикаанӡа. Убри аан Аслан Бжьаниа аҳәамҭа ҟаиҵеит алхрақәа мҩаԥгахаанӡа Аԥсны ахада инапынҵақәа Апарламент аиҳабы инеигӡалар илшоит ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0