Габниа далацәажәоит алхра ҿыцқәа мҩаԥысраны ишыҟоу

© Sputnik / Томас ТхайцукВыборы в Абхазии
Выборы в Абхазии  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә коллегиа иазханаҵеит ҭагалан имҩаԥысыз атәыла ахада иалхрақәа рзы Аԥсны АКХ аихшьаалақәа иашамызт ҳәа.

АҞӘА, ажьырныҳәа 11– Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аиҭалхрақәа рхы рыладырхәыр ҟалоит иахьатәи Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымбеи аоппозициатә партиа "Амцахара" ахада Алхас Кәыҵниеи ҳәа иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз, АКХ алахәыла, Аԥсны ахада иҿы иҟоу астратегиатә ҭҵаарақәа Рцентр ахада Гиви Габниа.

Ҭамаз Гогьиа - Sputnik Аҧсны
Аԥсны АКХ ахантәаҩы: аӡбарҭа иаӡбаз нагӡатәуп, ҳгәаанагара иахьмырԥшкәа

Аԥсны ахада иалхра ҿыцқәа мҩаԥысроуп ҩба-хԥа мзы ирҭагӡаны.

Габниа иажәақәа рыла, азакәан инақәыршәаны ахашшааратә инстанциа аӡбамҭа амч аиуеит уи анрыларҳәа инаркны.

"Аиҭалхрақәа рхы рыладырхәыр ҟалоит иахьатәи Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымбеи аоппозициатә партиа "Амцахара" ахада Алхас Кәыҵниеи азакәанԥҵараҿ иарбоу аҭагылазаашьақәа инарықәыршәаны", - иҳәоит иара.

Габниа иҳәеит закәанла Рауль Ҳаџьымба жәымз рыҩныҵҟа азин шимоу ахашшааратә инстанциа аӡбамҭаз Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Апрезидиум ахь ашшыԥхьыӡ анашьҭра. Апрезидиум аӡбамҭа аднакылароуп ҩымз ирхымгакәа.

Аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба ипресс-маҵзура адырра ҟанаҵеит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә инстанциа аӡбамҭа азакәанԥҵара еилаганы ирыдыркылеит, уи ишьақәгылаз ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа еиҳагьы еицәанатәыр алшоит ҳәа.

"Ари аӡбамҭа рыдыркылеит аиҳабыратә хыбрақәа анеиларыжьуаз, ахада Иусбарҭа анааныркылаз, Иреиҳаӡоу аусбарҭа ахыбра иакәшаны ианыркыз аҭагылазаашьақәа раан. Абри аҩыза ақәыӷәӷәараан Иреиҳаӡоу аусбарҭа аобиективтә ӡбамҭа аднакылар алшон ҳәа узҳәом", - аҳәоит адырраҭараҟны.

Аҟәа имҩаԥысуаз аҿагыларатә акциазы апрокуратура ашьаус хацнаркит - Sputnik Аҧсны
Аҟәа имҩаԥысуаз аҿагыларатә акциазы апрокуратура ашьаус хацнаркит

Иара убас иазгәаҭоуп Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбамҭа Апрезидиум ахь ахәаԥшразы ишахашшаахо, избанзар уи рыдыркылеит аус зуа азакәанԥҵара ӷәӷәала еилаганы.

Абри аганахь ала Габниа иазгәеиҭеит алхрақәа разыҟаҵареи рымаԥгареи Апрезидиум аус ахәаԥшреи аамҭакла имҩаԥысыр ҟалоит ҳәа.

"Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Апрезидиум иаднакыло азҵаара аԥыжәара амоуп. Ахада иалхраан иашарыла имҩаԥысит ҳәа аӡбамҭа аднакылар, алхрақәа нкылахар ҟалоит. Апрезидиум аӡбамҭа аԥыжәара аиуеит ахада ҿыц далххаргьы", - иҳәеит Габниа.

Азиндырыҩ игәаанагарала Аԥсны алхратә закәанԥҵара аԥсахрақәа алагалатәуп ахәҭаҷ 19 аҩбатәи ахәҭаҿы.

Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә инстанциа Аԥсны ахадарахьы ԥасатәи акандидат Алхас Кәыҵниа аӡбарҭа актәи аинстанциа ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур закәантәуп ҳәа иаднакылаз аӡбаразы иашшыԥхьыӡ нанагӡеит.

Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Даур Аршба иажәақәа рыла Ҳаџьымба Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Апрезидиум ахь ашшыԥхьыӡ азирхиоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0