Рауль Ҳаџьымба аоппозициаа раԥхьагыла Аслан Бжьаниа диԥылеит

© SputnikАслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Аслан Бжьаниа иҳәахьан Рауль Ҳаџьымба зааибагарак ахь дкылымсыр, аҭагылазаашьа еицәахар шалшо.

АҞӘА, ажьырныҳәа 12 - Sputnik. Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба дырԥылеит Аоппозициатә мчрақәа рблок аиҳабы Аслан Бжьаниеи Аԥсны ахадарахьы уаанӡатәи акандидат Алхас Кәыҵниеи амҽыша, ажьырныҳәа 12 рзы.

АКХ: Аԥсны ахада иалхрақәа ҟалоит хәажәкыра 22 рзы>>

Аҟәа, Аҳәынҭқарратә дачаҿы имҩаԥысыз аиԥылара иалахәын Аслан Барцыц, Муҳаммад Кьылба. Аиҿцәажәарақәа мҩаԥысит Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиев далархәны.

Аслан Бжьаниа аиԥылара ашьҭахь идгылаҩцәа рҿаԥхьа иқәгылараан иҳәеит Рауль Ҳаџьымба ԥхьатәара дцарц азы аоппозициа ражәа.

"Ҳаззыԥшу, иаҳҭаху наган иаҳҳәеит, ажәлар ирҭаху акоуп - алхрақәа ааиаанӡа унапынҵақәа нужьырц, Аконституциа ишаҳәо ала алхрақәа рахь ҳнеирц ҳәа. Иаҳҳәаз иаҳаит, уажәшьҭа иара иоуп ҳаззыԥшу. Хара имгакәа аҭакгьы ҳаиҭозар акәхап, аӡбамҭа идикыло шҳаиҳәаз еиԥш, шәаргьы ишәаҳҳәоит. Абри акәын иҟаз. Абра ҳшыԥшыц ҳаԥшуп", - иҳәеит Бжьаниа.

Уаанӡа Аслан Бжьаниа иҳәахьан Рауль Ҳаџьымба зааибагарак ахь дкылымсыр, аинышәара алзыршаша ашьаҿақәа ҟаимҵар, аҭагылазаашьа еицәахар шалшо.

Ахада ипресс-маҵзура излаанацҳауа ала, аиԥылараан атәылаҟны ишьақәгылаз ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьеи уи аҭышәныртәаларазы иҟаҵатәуи ишалацәажәоз.

"Аҳәынҭқарра ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит аганқәа азакәан инақәыршәаны рхы мҩаԥыргар шакәу, раԥхьа иргыланы азеиԥшмилаҭтә ҳәоуеиқәшәаразы, аиҿагыларақәа ралмыршаразы. Убри азы аиҭалхрақәеи ҿыц иалырхыз ахада иҭоубашьҭаҵареи мҩаԥгатәуп "Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада изы" Азакәан аԥҟарақәа инарықәыршәаны", - ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

Тамаз Гогия  - Sputnik Аҧсны
Гогьиа алхра ҿыцқәа ирԥырхагоу азиндырратә еиқәымшәарақәа ртәы далацәажәеит

Ажьырныҳәа 10 рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә инстанциа цәыббрамзазы имҩасыз ахада иалхрақәа рылҵшәақәа рзы АКХ аӡбамҭа закәаным ҳәа иазханаҵеит.

Ҳаџьымба ахашшааратә коллегиа аӡбамҭа дахашшаарц игәы иҭоуп Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Апрезидиум ахь.

Ахада иалхрақәа ҩаԥхьа имҩаԥысны ахада ҿыц инапынҵақәа дырхагылаанӡа азакәан инақәыршәаны аҳәынҭқарра ахада инапынҵақәа наигӡалоит Рауль Ҳаџьымба.

Аха аоппозициа ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа амитинг шымҩаԥнагац имҩаԥнагоит, урҭ Рауль Ҳаџьымба инапынҵақәа шьҭеиҵарц адҵа шықәдыргылац иқәдыргылоит.

Амҽыша, ажьырныҳәа 12 рзы Аԥсны Алхратә комиссиа хада аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа ррыцхә шьақәнаргылеит. Урҭ ҟалоит хәажәкыра 22, 2020 шықәса рзы. Азакәан инақәыршәаны ркандидатурақәа ықәдыргылар рылшоит уаанӡатәи акандидатцәеи акандидатцәа ҿыцқәеи.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0