Ахадарахьы акандидатурақәа рықәыргылара иалагоит ажьырныҳәа 22 инаркны

© Sputnik Акандидатцәа ркандидатурақәа рықәыргылара иалагоит ажьырныҳәа 22 инаркны
Акандидатцәа ркандидатурақәа рықәыргылара иалагоит ажьырныҳәа 22 инаркны - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Алхратә комиссиа хада ажьырныҳәа 12 рзы ирыланаҳәеит хәажәкыра 22 Аԥсны ахада иалхрақәа ирымшны.

АҞӘА, ажьырныҳәа 12 - Sputnik. Атәыла ахадаразы акандидатцәа ркандидатурақәа рықәыргылара ҟалоит ажьырныҳәа 22 инаркны, алхрақәа 60 мшы шрыбжьоу ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Аԥсны АКХ аҿы.

Тамаз Гогия  - Sputnik Аҧсны
АКХ: Аԥсны ахада иалхрақәа ҟалоит хәажәкыра 22 рзы

Иахәҭаны иҟоу адокументқәа анынашьҭхалак ашьҭахь АКХ аҿы акандидат ашәҟәы дҭаргалароуп 10 мшы рыҩнуҵҟа. Акандидатцәа рҭаҩра хыркәшахоит абжьыҭара амш аҟынӡа 30 мшы шыбжьоу.

Ажьырныҳәа 9 рзы Аҟәа аҿагыларатә акциақәа ирылаган. Аоппозициа ахаҭарнакцәа атәыла ахада иԥхьатәара дҵаны иқәдыргылон. Ажьырныҳәа 10 рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә коллегиа ишьақәнарӷәӷәеит ҭагалан Аԥсны имҩаԥысуаз алхрақәа раан АКХ алкаақәа иашамызт ҳәа.

Рауль Ҳаџьымба ари аӡбамҭа дазашшырц игәҭакуп.

Аԥсны Алхратә комиссиа хада ажьыныҳәа 12 рзы ирыланаҳәеит хәажәкыра 22 алхрақәа ирымшны.

Азакәан инақәыршәаны кандидатс рхы ықәдыргылар алшоит уаанӡа иқәгылаз реиԥш аҿыцқәагьы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0