Акциа алахәылацәа аҳәынҭқарратә дача ахыбрахь инеит

© SputnikАкциа алахәылацәа аҳәынҭқарратә дача ахыбрахь инеит
Акциа алахәылацәа аҳәынҭқарратә дача ахыбрахь инеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҿагыларатә акциа аиҿкааҩцәа ируаӡәку Ахра Аҩӡба идгылаҩцәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит иеихалыху акгьы рымгарц Аҳәынҭқарратә дачахь рнеираан.

 

АҞӘА, ажьырныҳәа 12 - Sputnik. Ԥшьымш раахыс ахада Иусбарҭа ахыбра иакәшаны игылаз амитинг алахәылацәа рыхәҭак Рауль Ҳаџьымба уажәазы дахьыҟоу аҳәынҭқарратә дачахь амҩа иқәлеит. Абри атәы ааицҳауеит Sputnik акорреспондент аҭыԥ аҟынтәи.

Ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа еизаны игылаз рҿаԥхьа дықәгылеит акциа аиҿкааҩцәа ируаӡәку Ахра Аҩӡба. Иара иажәақәа рыла дара аҳәынҭдачахь рнеира  иахықәку Рауль Ҳаџьымба иҭак аҳароуп, ԥхьатәара дцо дымцо.

Абри ашьҭахь амитинг алахәцәа Аҳәынҭқарратә дачахь рхы дырхеит.

Аҟәа аԥшьаша, ажьырныҳәа 9 рзы аҿагыларатә акциақәа ирылагеит, аоппозициаа рхаҭарнакцәа ахада инапынҵақәа аанижьырц адҵа ҟарҵоит.

Беслан Ҳагба  - Sputnik Аҧсны
Ҳагба Аԥсны аполитикатә ҭагылазаашьазы: амилаҭтә хдырра аарԥштәуп

Ажьырныҳәа 10 рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә инстанциа цәыббрамзазы имҩасыз ахада иалхрақәа рылҵшәақәа рзы АКХ аӡбамҭа закәаным ҳәа иазханаҵеит.

Ҳаџьымба ахашшааратә коллегиа аӡбамҭа дахашшаарц игәы иҭоуп Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Апрезидиум ахь.

Ажьырныҳәа 12 рзы Алхратә комиссиа хада ишьақәнаргылеит ахада иалхрақәа ррыцхә - хәажәкыра 22, 2020 шықәса. Азакәан инақәыршәаны кандидатс рхы ықәдыргылар алшоит уаанӡа иқәгылаз реиԥш аҿыцқәагьы.

Рауль Ҳаџьымбеи Аслан Бжьаниеи ажьырныҳәа 12 рзы еиԥылеит. Бжьаниа аоппозициаа Ҳаџьымба ԥхьатәара дцарц шырҭаху иеиҳәеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0