Аполитолог: Сурков аполитикатә кризис аилгашьа игәаԥхеит

© Sputnik / Сергей Гунеев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВладислав Сурков
Владислав Сурков - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рауль Ҳаџьымба имаҵура аанижьит ажьырныҳәа 12 рзы шәҩыла Аԥсны ауааԥсыра уи дҵаны ианықәдыргыла ашьҭахь.

АҞӘА, ажьырныҳәа 13 - Sputnik. Урыстәыла ахада ицхырааҩ Владислав Сурков аполитикатә кризис аилгашьаҟынтәи агәахәара иоуны Москваҟа дхынҳәуеит ҳәа телеграм-канал аҿы иаирбоит аполитолог, аполитикатә кониунктурақәа рцентра адиректор Алексеи Чеснаков.

Чеснаков иазгәеиҭеит Сурков ажьырныҳәа 12 – 13 рзы аоппозициа раԥхьагылаҩцәа Аслан Бжьаниа, Рауль Лолуа, Алхас Кәыҵниа, иара убас ДЖәР афырхаҵа Ахра Аҩӡба дшырԥылаз.

"Амҽышаҽны Ҳаџьымбеи Суркови ҭелла еицәажәеит. Дара реиԥылара азԥхьагәаҭамызт, избанзар Ҳаџьымба Иусбарҭа анынижь инаркны ареспубликаҿ аҭагылазаашьа хылаԥшра изаҭомызт. Аиԥыларагьы лҵшәадан ишьан. Ҭелла аицәажәара ашьҭахь Ҳаџьымба инапынҵақәа шышьҭеиҵо азы арзаҳал инапы аҵаиҩит", - ҳәа иҩуеит Чеснаков.

Аполитолог иҳәоит Сурков агәыӷра шимоу "аԥсуа демократиа аҭышәынтәалара ианазнеилак, заанаҵы ахадацәа рыԥсахра аԥыххап ҳәа".

Атәыла ахада иеиҭаиалхра мҩаԥгахоит хәажәкыра 22, 2020 шықәса рзы. Аиҭалхрақәа рымҩаԥгаразы аӡбамҭа рыдыркылеит ахашшааратә коллегиа иаҳхысыз алхрақәа рылҵшәақәа рзы АКХ иаднакылаз аӡбамҭа азакәан шьаҭа рымамызт ҳәа ианашьа ашьҭахь.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0