"Ажьира алԥха ҳауааит": ҭаацәашәала Ажьырныҳәа ҳшаԥыло

© Sputnik / Томас ТхайцукАжьырныхуа.
Ажьырныхуа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥақәашь ақыҭа инхо Ҭаниаа рҭаацәараҿы иԥшьоу аныҳәа - Ажьырныҳәа ишазгәарҭо дазааҭгылеит Sputnik аколумнист Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Аԥсуаа ҳмырҭаҭратә пантеон анцәахәы рацәара шаҷыда ҟазшьоугьы, зегьы днарылукаартә дыҟоуп, ҳаҭыр дула есышықәса изымҵаныҳәо Ажьыра анцәахәы Шьашәы. Уи изкны имҩаԥырго аныҳәа ссир хьӡыс ишьҭнахит Ажьырныҳәа.

Аетнолог: аԥсуаа ҷыдала ахылаԥшра арҭон - амшьҭацәгьа аҽацәыхьчара - Sputnik Аҧсны
Аетнолог: аԥсуаа ҷыдала ахылаԥшра арҭон - амшьҭацәгьа аҽацәыхьчара

Есышықәсатәи аныҳәа Ажьырныҳәа хаҭала сара сзы схәыҷы аахижьҭеи иацын агәы хыҭ-хыҭреи ахаареи. Ари аныҳәа Ашықәс ҿыц аԥылара аасҭа сазыԥшын, избанзар, Ашықәс ҿыц ҳауа-ҳҵакыра доусы рыҩны иаԥылон, аха Ажьырныҳәа аан Ԥақәашь ҳаҩнаҭаҿы еизон ҳгәараҭа иааӡахьаз зегьы. Убри аҟнытә, Ажьырныҳәа хәыҷи дуи ҳзы еибарбаган, гәырӷьарыла иҭәыз ныҳәан. Ус иҟоуп иахьагьы.

Ажьырныҳәа Аԥсны ахы-аҵыхәа аҩнаҭақәа рҟны шамахамзар зегьынџьара имҩаԥыргоит, аха амҩаԥгашьақәа еиԥшуп узҳәом. Шьоукы аҩнаҭа иҩноу арԥарцәа рыцыԥхьаӡа арбаӷьқәа ршьуеит, даҽа шьоукых, аџьма шьтәа иахныҳәоит. Ҭаацәарацыԥхьаӡа ирымоуп дара жәытәла иаарго ари аныҳәара акәама-ҵамақәа.

Хара сызцом, еиҭасҳәоит ҳҭаацәараҿы ажьырныҳәа ҳшаԥыло.

Ажьырныҳәа есышықәса арыцхә жәаха иақәшәоит, ианақәшәо аҽны, хәылбыҽхан, имҩаԥаҳгоит ҳара ҳҭаацәараҿы. Ари аҽны "жәытәла ииасыз ашықәси ашықәс ҿыци рҽеиҭнырыԥсахлоит, ажә наскьоит – аҿыц аҽышьақәнарӷәӷәоит" – ҳәа иҳәалон џьанаҭ гыларҭа зауша сабду. Уи иоуп аԥхьа Ажьыра амаа зкызгьы, аха нас иқәрахь днеиуа даналага, Ажьыра ииркит саб. Уи иоуп аџьынџь аҿы иҟаз, деиҵабын, уи нахыс Ажьыраҿы дныҳәо далагеит иара.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аетнографиатә ҟәша анаука аусзуҩы еиҳабы Инга Шамԥҳа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Шамԥҳа: Ажьырныҳәа аԥсуаа ҳҿы ибзиан еиқәханы иҟоу ныҳәароуп

Ажьырныҳәа аҽны ҳаҩнаҭаҿы еснагь анеи-ааи агым, досу иусқәа дырҿуп. Уи аҽны ҳәсеи хацәеи зегьы шеизоугьы Ажьырахьы инеиуа ҳаҩнаҭа еиуоу ахацәа рыхшареи дареи роуп. Ажьырахьы аҳәса, ма аҭыԥҳацәа анеира азин зынӡа иҳамаӡам.

Аныҳәаразы марҭыхәқәаз иҟаҳҵоит арбаӷь, ашә згәылоу амгьал, ацәашьы. Аҭаацәараҿы ахацәа рхыԥхьаӡара рацәазаргьы, шықәсык ирҭысхьоу арбаӷь оуп изыхныҳәо. Ус оуп ишҳақәу.

Уи арбаӷь аныҳәара мчыбжьык шагу аҩызцәа инарылхны хазы иҭаҳкуеит, иахьҭаку ӡи ԥши агҳажьуам. Ус ҟаҳҵоит аҽарыцқьарц азы.

Аилышәшәамҭазы ҳҭаацәараҿы Ажьыра амаа зку дааины арбаӷь аҿи ашьапқәеи ааӡәӡәаны ашҭа агәаны Ажьырахь инеираны иҟоу ахацәа наргыланы дахныҳәоит, абасгьы иҳәоит:

"Уажәы, злыԥха ҳаура Шьашәы абзара уҳарбоит, алԥха ҟало агәыԥха ҟало", – ҳәа ааҳәаны арбаӷь ахәда хиҵәоит.

Нас уи аҳәса инаганы ириҭоит. Аныҳәатә чыс аҟаҵара лнапы иануп аԥҳәыс бырг, уи дыҟамзар аҩнаҭаҿы иҟоу аҭаца еиҳабы. Лара акәты хәылхны, еиқәыршәаны, аҵәы иахаҵаны аԥсуа мца иахарҵәыҩуа илӡуеит.

Нас заа илкәаҳахьаз амгьал аӡра лнапы алалкуеит, аҩнаҭа иалахәу, ара ииз-иааӡаз аҳәса Ажьырахь анеира азин рымам, аха досу рыхьӡала ианаауа иааргоит маҷк аџьыкеи уаԥсҵәык ачашылеи, уи амгьал аныркәаҳауа доусы ихәҭа уахь иалаиԥсоит. Аԥҳәыс амгьал анылкәаҳалак адырган инанҵаны меигӡарахда ашә хыхь иақәырҳәҳәны илӡуеит.

Иаанхаз ацәашьы ауп. Ацәашьы ҟаиҵоит ажьыра иахныҳәо ихаҭа, уи саб иоуп. Ацәашьы уаҩ инапы иаимыркыц ацахеи ацәа цқьеи иалхуп. Ацәашьы ҟарцоит ҩыџьа, аиҳаби аиҵаби. Аиҳабы дтәоуп, аиҵабы дгылоуп. Аиҳабы ацәа ахәышҭарааҿы ирԥсасины аиҵабы иику ацаха иадырҷабло иҿынеихоит. Ацәа ацаха аныхнаҩалак, инапқәа ирыбжьакны ирҵәыҩуа-ирҵәыҩуа ацәашьы еицеиԥшны, еиҟараны иҟаиҵоит.

Беслан Кове - Sputnik Аҧсны
Беслан Ақаҩба: Ажьырныҳәа абиԥарақәа еидызкыло ауп

Уажәшьҭа зегьы хиоуп. Иҟаԥшьӡа иӡны иҟоуп арбаӷь, иԥхеи-ԥхеиуеит ашә згәылоу амгьал, ҿыц ҟаҵара ацәашьы аишәа иқәуп.

Ахацәа рҽааибаркны рҿи-рнапи ааӡәӡәаны аныҳәарҭахь Ажьыра ҳаԥшьа иахныҳәарц идәықәлоит, рмарҭыхәқәа рыман. Уа Ажьыра ҳаԥшьа аҟны иҟазароуп ажьаҳәа, арыҭәа, аԥсынгьари, иара убас аԥырӷы. Уа ахацәа аннеилак аҩы зҭоу аҳаԥшьа ахы дрыцқьоит, иаадыртуеит. Инаргаз амарҭыхәқәа аҳаԥшьа азааигәара инадыргылоит. Анеира зыхәҭо зегьы Ажьыра аҿаԥхьа еикәаӷӷа иҩагылоит.

"Уаха Ажьыра ҳәа ҳныҳәоит! Шьашәы, улԥха, угәыԥха, аманшәалара ҳаманы. Ҳахьыҟазаалакгьы, дхәыҷума ддуума, аныҳәара дақәшәама дақәымшәама, лыԥхала уизыҟало. Аҩны иҟоу, абна иҟоу алԥха рыман, агәыԥха рыман. Уажәраанӡа абзара уҳарбеит ишҳақәу еиԥш, иҳалшо ала арбаӷь ԥшӡа, ача мгьал, аҩы адаҳгалеит. Абас ишҳақәу ала умаҵ ҳуеит. Уаҳзылыԥха! Ҳахьынымҩахыҵлакгьы абзиарақәа ҟало, агәырӷьара ҳаманы. Ҳҵакыра зегьы ҳахьынӡа-наӡааӡо ҳаигымкәа анцәа ҳҟаҵа! Иҳагхо азы ҳаҭаумҵан! Ҽааны уажәааны ҳанеиқәшәогьы абзиара иатәны, ҳаиҵыҩҩы ҳҟаҵа!", – ҳәа аныҳәаҩ аҳаԥшьа дахныҳәаны ацәашьы амца анкны уа ажьыраҿы ирбылуеит. Инаргаз арбаӷь, ашә згәылоу амгьал, ихдыртлаз аҩы агьама рбоит. Анаҩс, урҭ зегь рҽеибаркны ихынҳәуеит аҩныҟа.

Аҩны абысҭа уны, амца иахакнаҳаны ахацәа ирзыԥшуп аҳәса. Ахьышәҭҳәа абысҭа аакныхны асаанқәа ирнырҵоит, арбаӷь еиҿырхуеит, амгьал рссаны аишәа иқәдыргылоит, ашә рхыхуеит, ахарҵәы уҳәа аԥсыуа чысла идырхиоит. Уажәшьҭа ҭаацәашәала иааидтәаланы, акрыфара нап адыркуеит. Аишәа жәаҳәарада, иагрыжьуам арыжәтә џьбарагьы. Абас ҳаҩнаҭаҿы алахҿыхреи ахаареи аҵаны имҩаԥахгоит ари аныҳәа ссир.

Ҽаанбзиала! Ҽааныԥшӡала!

Ажәабжьқәа зегьы
0