"Ихьшәоу ҭагалан": ԥшьҩык асахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵа аатит Аҟәа

© Sputnik / Томас Тхайцук"Ихьшәоу ҭагалан": ԥшьҩык асахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵа аатит Аҟәа
Ихьшәоу ҭагалан: ԥшьҩык асахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵа аатит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ацәыргақәҵа "Ихьшәоу ҭагалан" аҿы аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа ԥшьҩык - Диана Хынҭәԥҳа, Аԥшьа Ҳагԥҳа, Саид Возба, Баҭал Џьапуа - ицәырыргеит еицымҩаԥыргоз апленерқәа рҟны иҭырхыз 70 усумҭа.

АҞӘА, ажьырныҳәа 16 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥшьаша, ажьырныҳәа 16 рзы Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла Ацәыргақәҵатә зал аҟны иаатит "Ихьшәоу ҭагалан" захьӡу ацәыргақәҵа.

Уи аҭааҩцәа ирбар рылшоит асахьаҭыхыҩцәа Диана Хынҭәԥҳа, Аԥшьа Ҳагԥҳа, Саид Возба, Баҭал Џьапуа русумҭақәа 70 инарзынаԥшуа. Арҭ аусумҭақәа ҭыхын апленерқәа анеицымҩаԥыргоз. Еиҳарак дара Аҟәа, Ешыра, Афон ҿыц акәын аус ахьыруаз.

© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәа иаатит "Ихьшәоу ҭагалан" захьӡу Диана Хынҭәԥҳа, Аԥшьа Ҳагԥҳа, Саид Возба, Баҭал Џьапуа рсахьақәа
Аҟәа иаатит Ихьшәоу ҭагалан захьӡу Диана Хынҭәԥҳа, Аԥшьа Ҳагԥҳа, Саид Возба, Баҭал Џьапуа рсахьақәа рцәыргақәҵа - Sputnik Аҧсны
1/5
Аҟәа иаатит "Ихьшәоу ҭагалан" захьӡу Диана Хынҭәԥҳа, Аԥшьа Ҳагԥҳа, Саид Возба, Баҭал Џьапуа рсахьақәа
© Sputnik / Томас ТхайцукУрҭ ицәырыргеит 70 инарзынаԥшуа усумҭа
Урҭ ицәырыргеит 70 инарзынаԥшуа усумҭа - Sputnik Аҧсны
2/5
Урҭ ицәырыргеит 70 инарзынаԥшуа усумҭа
© Sputnik / Томас ТхайцукАсахьаҭыхыҩцәа арҭ аусумҭақәа аԥырҵон еицымҩаԥыргоз апленерқәа раан
Асахьаҭыхыҩцәа арҭ аусумҭақәа аԥырҵон еицымҩаԥыргоз апленерқәа раан - Sputnik Аҧсны
3/5
Асахьаҭыхыҩцәа арҭ аусумҭақәа аԥырҵон еицымҩаԥыргоз апленерқәа раан
© Sputnik / Томас ТхайцукАпленер аан аусумҭа ҩсааҭк иҭагӡаны иҭырхроуп
Апленер аан аусумҭа ҩсааҭк иҭагӡаны иҭырхроуп - Sputnik Аҧсны
4/5
Апленер аан аусумҭа ҩсааҭк иҭагӡаны иҭырхроуп
© Sputnik / Томас ТхайцукАсахьаҭыхыҩцәа иазгәарҭоит апленерқәа реицымҩаԥгараан аԥышәа шеимырдо, ишеицхыраауа
Асахьаҭыхыҩцәа иазгәарҭоит апленерқәа реицымҩаԥгараан аԥышәа шеимырдо, ишеицхыраауа - Sputnik Аҧсны
5/5
Асахьаҭыхыҩцәа иазгәарҭоит апленерқәа реицымҩаԥгараан аԥышәа шеимырдо, ишеицхыраауа
1/5
Аҟәа иаатит "Ихьшәоу ҭагалан" захьӡу Диана Хынҭәԥҳа, Аԥшьа Ҳагԥҳа, Саид Возба, Баҭал Џьапуа рсахьақәа
2/5
Урҭ ицәырыргеит 70 инарзынаԥшуа усумҭа
3/5
Асахьаҭыхыҩцәа арҭ аусумҭақәа аԥырҵон еицымҩаԥыргоз апленерқәа раан
4/5
Апленер аан аусумҭа ҩсааҭк иҭагӡаны иҭырхроуп
5/5
Асахьаҭыхыҩцәа иазгәарҭоит апленерқәа реицымҩаԥгараан аԥышәа шеимырдо, ишеицхыраауа

 

"Еиҳараӡак Аҟәа акәша-мыкәша аус аауан: Каштак, Алашарбага аҳабла, Ешыра аҩадатәи, аладатәи, Шыцкәара уҳәа аҭыԥқәа рҿы. Ҳаԥхьаҟа ҳгәы иҭоуп Ԥсырӡха, Афон ҳцарц. Аҭыԥқәа рацәоуп уахьцаша, узланеиша амҩақәагьы ыҟоуп, зегьынџьара иманшәалоуп, иагьыцқьоуп. Аԥсны ҽаҩраҭагалан ԥшӡоуп, ааԥынгьы ус.  Убри азы асахьаҭыхыҩ бзиа ибоит ҽаҩраҭагалан – аҩежьрақәа аҟаԥшьрақәа аныҟоу, ажәҩан аныиаҵәоу. Убасҟан асахьаҭыхыҩцәа аусура иалагоит, иара абыржәгьы быӷькаԥсан еиԥш иҟоуп ҳаԥсабара, уажәгьы асахьа ҭухыр ауеит. Ҳаргьы ацәыргақәҵа ашьҭахь еиҭах аусура ҳалагоит, избанзар, аԥсабара макьана иԥшӡоуп", - ҳәа азгәеиҭеит асахьаҭыхыҩ Баҭал Џьапуа.

Иара убас Џьапуа иазгәеиҭеит апленерқәа реицымҩаԥгара асахьаҭыхыҩ изы ишхәарҭа дуу, урҭ раан аԥышәа шеимырдо, ишеицхыраауа азгәеиҭеит.

Аԥшьа Ҳагԥҳа 2019 шықәса рзы раԥхьаӡа акәны апленер лҽалалырхәит, жәабала асахьақәа шҭылхызгьы, ацәыргақәҵахь 16 усумҭа роуп иаалгаз.

"Изныкымкәа аԥсабарахь ҳцеит, ирацәаны асахьақәа ҭаҳхит. Аха урҭ зегьы еилаҳԥшаауан. Иарбанзаалак аусумҭа иамоуп ахатәы цәаҩа, ахатәы ҭоурых. Иҟоуп имарианы исызҭыхыз, иҟоуп аџьабаа здызбалаз. Апленер аҟны ҩсааҭк рыла аусумҭа аԥҵара уахьӡароуп", - азгәалҭоит Ҳагԥҳа.

Асахьаҭыхыҩ қәыԥш акраҵанакуеит ҳәа илыԥхьаӡоит лусумҭақәеи лколлегацәа русумҭақәеи ахьеиқәҿырҭуа.

"Ҳара акакәын еицҭаҳхуаз, аха ихаз-хазны иаабон. Ихаз-хазын ҳқыцә акышьа", - лҳәоит лара.

Ацәыргақәҵа "Ихьшәоу ҭагалан" Аҟәатәи ацәыргақәҵатә зал аҿы имҩаԥысуеит ажьырныҳәа 25 рҟынӡа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0