Аиҳабыра зыҩноу ахыбра аҿагыларатә акциаан иаиуз аԥхасҭа ахәшьара аҭоуп

© Sputnik Стрингер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАиҳабыра зыҩноу ахыбра аҿагыларатә акциаан иаиуз аԥхасҭа ахәшьара аҭоуп
Аиҳабыра зыҩноу ахыбра аҿагыларатә акциаан иаиуз аԥхасҭа ахәшьара аҭоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аиҳабыра зыҩноу ахыбра аԥхасҭа аҭан ажьырныҳәа 9 рзы аоппозициа еиҿнакааз аҿагыларатә акциаан. Амитинг иалахәыз актәи аихагыла ашәқәеи аԥенџьырқәеи ԥҽны ахыбра иҩналеит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 17 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ахыбра ажәлараан иԥҽыз аҩнымаҭәа аԥсахразы 260 нызқь мааҭ аҭаххоит ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит аусбарҭа апресс-маҵзураҿы.

"Иҟоу аԥхасҭа инагӡаны макьаназы ахә шьам, ари раԥхьатәи аԥхьаӡарақәа роуп", - рҳәеит апресс-маҵзураҿы.

Аминистрцәа Реилазаара аԥенџьырқәа рыԥсахра 57 нызқь мааҭ ақәхарџьуп.

Аремонт аԥара ахыршәаауеит аиҳабыра арезервтә фонд аҟынтәи.

Аҿагыларатә акциақәа раан ахада Иусбарҭагьы аԥхасҭа аиуит. Уи ахәԥса макьана ишьақәыргылам.

АКХ алхранӡатәи аусмҩаԥгатәқәа рплан - Sputnik Аҧсны
Ахада иалхрақәа рҽырзыҟаҵара аплан

Ажьырныҳәа 9 рзы аоппозициа ахаҭарнакцәа аҿагыларатә акциа хацдыркит ахада иԥхьатәара дҵаны иҟаҵо. Сааҭқәак рышьҭахь урҭ ахада Иусбарҭа иажәлеит, ашәқәеи аԥенџьырқәеи ԥҽуа аҩнуҵҟа иҩналеит.

Ажьырныҳәа 10 рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә инстанциа ҭагалантәи алхрақәа рылҵшәақәа иашамызт ҳәа ахырҳәааит.

Ажьырныҳәа 11 рзы Аԥсны Апрокуратура хада ашьаус хацныркит Аҟәа имҩаԥысыз амассатә еилаҩеиласрақәа рзы. Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзурагьы ашьаусԥшааранӡатәии аоператив-ԥшааратәии уснагӡатәқәа рымҩаԥгара иалагеит Аҟәа ақалақь аҟны аиҳабыратә хыбрақәа аԥхасҭа аҭара аиҿкааҩцәеи уи иалахәызи ахаҿқәа рышьақәыргылареи аҭакԥхықәрахь радԥхьалареи рзы.

Амчра агара мариоуп, аха аныҟәгара цәгьоуп: аибарххарақәа рзы агәаанагара - Sputnik Аҧсны
Амчра агара мариоуп, аха аныҟәгара цәгьоуп: аибарххарақәа рзы агәаанагара

Ажьырныҳәа 12 рзы Аԥсны АКХ алхра ҿыцқәа хәажәкыра 22 рзы иҟалоит ҳәа рыланаҳәеит. Абри ашьҭахь Рауль Ҳаџьымбеи аоппозициа ахада Аслан Бжьаниеи еиԥылеит. Аиԥылара иалахәын Аслан Барцыц, Муҳаммад Кьылба, Алхас Кәыҵниа, иара убасгьы Рашид Нургалиев.

Ажьырныҳәа 12 ахәылбыҽха Рауль Ҳаџьымба арзаҳал инапы аҵаиҩит инапынҵақәа шышьҭеиҵо азы. Алхрақәа мҩаԥгахаанӡа атәыла ахада инапынҵақәа наигӡалоит аԥыза-министр Валери Бганба.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Ҳагба Аԥсны аполитикатә ҭагылазаашьазы: амилаҭтә хдырра аарԥштәуп

  • Аҟәа имҩаԥысуаз аҿагыларатә акциазы апрокуратура ашьаус хацнаркит

Ажәабжьқәа зегьы
0