Кара-Осман-оглы: Аԥсны ашьапылампыл ԥхьаҟатәи аԥеиԥш иалацәажәатәуп

CC0 / / Футбол
Футбол  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2019 шықәсазтәи ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат мҩаԥгамызт аклубқәа рфинанстә ҭагылазаашьазы. Асеиԥш аибашьра ашьҭахь раԥхьаӡа акәны иҟалеит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 20 – Sputnik. Аԥсны ашьапылампыл аиҳабыреи ахадеи ррезервтә фонд аҟынтәи аԥаразоужьра ахьырзыҟарҵоз аханатәгьы ииашамызт, абри атәы иҳәеит Аҿари аспорти рзы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Идрис Кара-Осман-оглы.

Иара ишиҳәаз ала 2020 шықәса инаркны ашьапылампылтә уснагӡатәқәа Аҳәынҭеилакы абиуџьет аҟынтәи аԥаразоужьра рзухоит.

Аԥсны Ахраҿа агаразы афиналтә хәмарра - Sputnik Аҧсны
Ашьапылампылтә чымазара, мамзаргьы згәы бааԥсу ашьапылампыл

"Иахьатәи аамҭазы Аԥсны ашьапылампыл акыр ишьҭаханы иҟоуп. Ирацәоуп апроблемақәа, шықәсыла иӡбамыз. Сара сгәаанагарала аханатәгьы ииашамызт Аԥсны ашьапылампыл аиҳабыреи ахадеи ррезервтә фонд аҟынтәи аԥаразоужьра ахьырзыҟарҵоз" - иҳәеит иара.

Кара-Осман-оглы агәыӷра ааирԥшит аԥаразоужьратә система ҿыц аан аҭагылазаашьа еиӷьхароуп ҳәа, избанзар аԥарақәа реиқәшара еилыккахоит.

Кара-Осман-оглы иажәақәа рыла амчқәа еидкылатәуп Аҳәынҭеилаки аспорттә еиҿкаарақәеи реинырразы. Арахь иаҵанакуеит аклубқәа рԥаразоужьрагьы, убри аан Кара-Осман оӷлы иҳәеит адунеитә практика инақәыршәаны ашьапылампылтә клубқәа шхатәу, урҭ аспонсорцәа ишныҟәырго.

Ачынуаҩ иҳәеит аусбарҭа 2020 шықәсазтәи абиуџьет архиара ишаҿу.

Валери Бганба ажьырныҳәа 16 рзы Аусԥҟа инапы аҵеиҩит аҿари аспорти рзы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩ инапынҵақәа Идрис Кара-Осман-оглы инеигӡаларц.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0