Беслан Кәыҵниа иаԥхьаҟатәи иусқәа дрылацәажәеит

© Sputnik Анжелика БенияБеслан Квициния
Беслан Квициния - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба ажьырныҳәа 22 рзы аусԥҟа инапы аҵеиҩит Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура амаӡаныҟәгаҩ иаҭаразы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 23 – Sputnik. Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура амаӡаныҟәгаҩ инапынҵақәа назыгӡо Беслан Кәыҵниа Sputnik аинтервиу аҭо иҳәеит ари аус иара изы ишҿыцым.

"Сара акраамҭа ареспублика азинхьчаратә усбарҭақәа рҟны аус зуан. Ашәарҭадаратә хеилакгьы ус хаданы иамоу аҳәынҭқарра ашәарҭадареи астратегиатә проблемақәа рыӡбареи роуп", - иҳәеит иара.

Ашәарҭадаратә хеилак аус хадақәа иреиуоуп иара убасгьы аҳәынҭқарратә мчра азинхьчаратәи ахылаԥшратәи усбарҭақәа русура азакәаншьаҭа амазаара агәаҭара.

"Сара абри аус аҿы раԥхьа иргыланы азхьаԥшра зҭатәны избо ҳаззыԥшу ахада иалхрақәа раан атәыла аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русура аиқәыршәароуп. Имҩаԥысуа зегьы Аконституциеи алхратә закәанԥҵареи ирықәшәо иҟазароуп", - иҳәеит иара.

Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба ажьырныҳәа 22 рзы аусԥҟа инапы аҵеиҩит Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура амаӡаныҟәгаҩ инапынҵақәа назыгӡо иаҭаразы. Абри аҭыԥ аҿы Беслан Кәыҵниа диԥсахит 2014 шықәса раахыс ахеилак амаӡаныҟәгаҩыс иҟаз Муҳаммед Кьылба.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0